Аиндаҭлара "Лидеры России" аартуп аҳәаанырцәтәи аџьынџьуаа рызгьы

© Sputnik / Нина Зотина / Амедиаҵәахырҭахь аиасраВсероссийский управленческий конкурс "Лидеры России" в Сочи
Всероссийский управленческий конкурс Лидеры России в Сочи - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аиндаҭлара иахықәкы хаданы иҟоуп анапхгаҩцәа-аԥхьагылаҩцәа атәыла аҩныҵҟеи аҳәаанырцә атәылақәеи рҟны ралыԥшаара.

АҞӘА, жьҭаара 11— Sputnik. Урыстәыла ахада Иусбарҭа аиҳабы актәи ихаҭыԥуаҩ Сергеи Кириенко иҳәеит аиндаҭлара "Лидеры России" аҩбатәи аетап ишалаго ҳәа аанацҳауеит РИА Новости.

"Ҳара ихацҳаркуеит аиндаҭлара "Лидеры России" 2018-2019 шықәсқәа" аҩбатәи аетап", — иҳәеит Кириенко ауснагӡатә иазкыз апресс-конференциаҿы.

Аиндаҭлара аҩбатәи аетап официалла ихацыркхеит ахашаҽны, Москва. Иара убри амш азы иалагеит аҽалархәразы арзаҳалқәа рыдкылара.

"Аҵыхәтәантәи аӡбарала сынтәа инаркны Урыстәыла адагьы иарбанызаалак атәылаҿ инхо ҳџьынџьуаагьы аиндаҭлара иалахәхоит", — иҳәеит иара.

Уи адагьы сынтәа аиндаҭлара иалахәхар ҟалоит аҳәаанырцә инхо ауаа. Убри аан дара аурыс бызшәа адырразы ҿырҳәалатәи аԥышәара иахысроуп.

Апресс-конференциа иалахәын: Урыстәыла аргылара аминистр Владимир Иакушев, Москва амер Сергеи Собианин, Урыстәыла Абанк ахантәаҩы Ельвира Набиуллина, Афедералтә шәахтә маҵзура аиҳабы Михаил Мишустин, ПАО "Газпром нефть" адиректор Александр Диуков, ПАО "Сбербанк России" ахантәаҩы Герман Греф, ИАЕ "Россия — страна возможностей" адиректор Алексеи Комиссаров, аиндаҭлара уаанӡатәи аиааиҩцәа Павел Безручко, Кирилл Бабаев, Екатерина Вебер.

"Лидеры России" аплатформа "Урыстәыла — алшарақәа иртәылоуп" иапроект хадоуп. Ихацыркуп Владимир Путин иаԥшьгарала.

Ажәабжьқәа зегьы
0