Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Ҷыҭанаа: ашьхара абнақәа рҿы аҵлақәа алԥшааны иԥҟалатәуп

© Sputnik / Томас ТхайцукСавелий Читанава
Савелий Читанава - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аекологиеи аԥсабарахьчареи рзы аҳәынҭқарратә еилакы ахантәаҩы Савели Ҷыҭанаа арадио Sputnik Аԥсны иаиҭаз аинтервиу аҿы иазгәеиҭеит аҵлақәа рыԥҟара ааглыхратә ҳасабала дшақәшаҳаҭым.

Атәылауаҩи аиҳабыреи: Ҷыҭанаа Аԥсны абнақәа рыԥҟара иазкы
"Абна аԥҟара́ аусмҩаԥгатәқәа шцо реилкааразы имҩаԥагеит агәаҭарақәа Гәылрыԥшьтәи, Очамчыратәи, Аҟәатәи, Галтәи, Ҭҟәарчалтәи, Гагратәи абнанхамҩақәа рҿы. Аибашьра ҟалаанӡа Аԥсны абна аԥҟара́ азин ыҟан закәанла 500 000 кубтә метр шықәсык аҩныҵҟала. Иахьа иазгәаҭоуп 32 000 кубтә метр. Амҩақәа рҭагылазаашьа ахьыуадаҩу акәу, атехника аҟамзаара иахҟьоу  сыздырым,  аха иахьа ахыԥхьаӡара маҷхеит. Ашьхатә бнақәа рҿы аҵла аԥҟара́ сара сақәшаҳаҭым, иԥуҟозар — иԥҟатәуп иалԥшааны. Ааглыхратә ҳасабала зынӡа иаԥыхтәуп ҳәа сахәаԥшуеит", — азгәеиҭеит Ҷыҭанаа.

Ажәабжьқәа зегьы
0