Ҟрым аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ Москва дааныркылеит

© Sputnik / Александр Полегенько / Амедиаҵәахырҭахь аиасраВиталий Нахлупин
Виталий Нахлупин - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ҟрым ахада Сергеи Аксионов игәаанагара ахиҳәаауеит аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ иаанкылара, афакт-хаҭақәа анцәыргахалак.

АҞӘА, жьҭаара 17— Sputnik. Ҟрым ахада Сергеи Аксионов аҳәамҭа ҟаиҵеит аергион аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ Витали Нахлупин Москва азинхьчаратә усбарҭақәа дшааныркылаз азы ҳәа аанацҳауеит РИА Новости.

"Аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ Витали Нахлупин Москва азинхьчаратә усбарҭақәа дааныркылеит. Уажәазы аусҭҵаарақәа мҩаԥысуеит. Аусҭҵаарақәа мҩаԥысуеит маҵзурауаақәаки еилазаарақәаки рганахь ала. Арахь иаҵанакуеит: амҩатә нхамҩа аҳәынҭқарратә еилакы, автомабилтә мҩақәа рмаҵзура, анаплакқәа "Крымэнерго", "Крымгазсети", — ҳәа иҩуеит Аксионов Facebook аҿы.

Иара иазгәеиҭеит арегион анапхгара азинмчратә усбарҭақәа иахәҭаны иҟоу адокументқәа зегь рыла ишеиқәдыршәо, аинформациа шрырҭо.

"Ҳара аиаша аарԥшра ҳҭахуп", — ҳәа азгәеиҭоит Аксенов.

Ажәабжьқәа зегьы
0