Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Инал Ҳашыг аԥсуа шьапылымпыл азы: асистема амам, капеикгьы арҳауам

© Sputnik / Томас ТхайцукИнал Хашиг
Инал Хашиг - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ҳаамҭазтәи аԥсуа шьапылампыл арадио Sputnik аҟны ахәшьара аиҭеит ажурналист, ашьапылампылтә хҳәааҟаҵаҩ Инал Ҳашыг.

"Ҳазлацәажәаша ҳамоуп": Ҳашыг аԥсуа шьапылампыл аҭагылазаашьа иазкны
"Аԥсуа шьапылампыл аҟны аиҭакрақәа аныҟамла,  ауадаҩрақәа еиқәыланы зегьы еиқәтәоит. Иахьазы аԥсуа шьапылампыл капеикгьы арҳауам, аиаша уҳәозар. Иара акомандақәагьы ашьапылампылтә еиҿкаарақәа ршәага-загақәа ирықәшәо ашәҟәқәа рымаӡам. Уажәы иаагап ҳшьапылампыл асҩы Шәачатәи акомандахь дуҭиир уҭахызыргьы, иауам. Ахәыҷтәы шьапылампылгьы ԥсыҽуп, уаҩҵас аҳәынҭқарра анапаҿы иааганы ацхыраара рырҭартә изыҟамлеит. Ашьапылампыл аҟны системак ыҟазароуп. Иахьа акомандақәа урыхәаԥшуазар, ачемпионат иалоуп аха, рхатә гәыԥқәа рымаӡам, ахәыҷқәа рааӡааӡом", — ҳәа азгәеиҭеит Ҳашыг.

Жьҭаара 24 рзы ашьапылампыл азы Аԥсны ахраҿа афиналтә хәмарра  ҟалоит. Еиԥылоит  Аҟәатәи "Нарҭи" Гагратәи ашьапылымпыл асыҩцәеи.

Ажәабжьқәа зегьы
0