Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Цәышба еиҭеиҳәеит амш алеишәа ахьынӡарцәгьо

© Sputnik / Томас ТхайцукАмир Цушба
Амир Цушба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Аҳәынҭқарра аекологиеи аԥсабарахьчареи рзы аҳәынҭқарратә еилакы аҳауеи аӡқәеи ргәаҭара аҟәша аиҳабы Амир Цәышба арадио Sputnik Аԥсны иаиҭаз аинтервиу аҿы иҳәеит амшцәгьақәа шыҟало атәы.

Цәышба еиҭеиҳәеит амш алеишәа ахьынӡарцәгьо
"Жьҭаара 24 инаркны 25-нӡа, еиҳарак ахаша ахәылбыҽха инаркны аԥшьаша ауханӡа, амш бааԥсхоит. Зны маҷ-маҷла ақәа леира иалагоит, нас ақәыршҩы ахь ахы архоит, аԥша ӷәӷәа асрагьы иалагоит. Уи зыхҟьо аҳауа хьшәашәа аиҿагылара ауп, Атлантикатә хауақәыӷәӷәара лаҟәы иаанаго ауп. Урҭ еишьҭаланы Аԥсны иахысуеит, амшын аҟнытә иҭыҵны иахьаауа иахҟьаны аԥша, ақәа ӷәӷәахоит, 15-17 метра рҟынӡа, иахьаарту аҭыԥқәа рҿы аԥшасра секундкала 20 метра рҟынӡа инаӡар ҟалоит", — ҳәа азгәеиҭеит Цәышба.

Ажәабжьқәа зегьы
0