Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Аргәын: арабцәа ршьа рурц Анаҟәаԥиа иақәлеит

© SputnikАлхас Аргун
Алхас Аргун - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аҭоурыхҭҵааҩ Алхас Аргәын арадио Sputnik аефир аҟны дазаатгылеит 738 шықәсазы Анаҟәаԥиа арабцәа шажәлаз атәы.

Аргәын: арабцәа ршьа рурц Анаҟәаԥиа иақәлеит
"Ахыҵхырҭақәа рыла иаҳдырует арабцәа Аԥсныҟа ианаа, изышьҭаз Қарҭынтәи ибналаз аҳцәа роуп ҳәа иануп. Аха аҭагылазаашьа ҳаназхәыцлак, иаҳбоит уи ҿыҵгас ишыҟаз. Аибашьра еснагь ҿыҵгак аҭахуп. Ақырҭуа аҳцәа рыбналара атәы зыхҟьаз ҳамҳәар, жәларбжьаратәи аҭагылазаашьа зеиԥшраз ҳзеилкааӡом. 730 шықәсазы Қарҭ ҳәынҭқарраны иҟамызт, аха аҵакыра иалан Ермантәыла, убри зегьы Арабтәи ахалифат анапаҵаҟа иҟан. 730 шықәсазы Қарҭ иадыз ауаа иадҵырц рыӡбеит араб тәыла иадҵырц рыӡбеит, аха рхатәы мчы рымамызт. Ганкахьала Византиа аҵәы аларҵон, ргәы дырӷәӷәон ус еиԥш ашьаҿақәа рзы, егьи аганахьала даҽа ҳәынҭқарра дук — Хазариа ыҟан. Урҭ рырхәҭақәа Қарҭҟа инеины арабцәа рыр ԥыххаа ишьҭарҵеит. Арабцәа анаҩс Хазартәыла ицаны ирабашьит. Қырҭтәыла игьежьны ианааи аҳцәа ирышьҭоушәа ҿыҵгас иҟаҵаны Аԥсныҟа иҭалеит. Леон иашьеиҵбы Константин Аԥсныи Уаԥстәылеи рҳәаа ихьчон архәҭа иманы.  Арабцәа Аԥсынтәыла ала иҭаланы ахазарцәа ҩаԥхьа аԥхасҭа рырҭар рҭахын ҳәа агәаанагара ыҟоуп аҭоурыхҭҵааҩцәа рыбжьара", —  иҳәеит Аргәын.

Ажәабжьқәа зегьы
0