АҞӘА, жьҭаара 26— Sputnik. Ҭырқәтәыла ахада Таип Ердоган Идлиб аганахьала урыстәыла-ҭырқәтәылатәи аиқәшаҳаҭрақәа рынагӡашьа далацәажәауа "Иарбанызаалак проблемак ҳамам" ҳәа азгәеиҭеит. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости.
"Ҭырқәтәыла, Урыстәыла, Иран аганқәа зегь ринтересқәа азыԥхьагәазҭо асхема азҳархиеит. Женева уи апроблема рзымыӡбаӡеит, ҳара иҳаӡбеит Асҭана ҳаиқәшәараан. Уи ашьҭахь Шәачеи Тегерани ҳаиԥыларақәа раан аҵыхәанӡа ихҳаркәшеит", — иҳәеит иара Анкара иқәгылараан.
Шьамтәыла аиҳабыратә ар Идлиб рнапаҿы иҟам. Атәылаҿ иара атеррористцәа ахьтәоу ҵыхәтәантәи ҭыԥуп. Уажәазы аоппозициаа рыр реиԥш уа иҟоуп атеррористтә еиҿкаара "Джебхат ан-Нусра" аибашьцәагьы.
Жьҭаара 15 рзы 15-20 километра иҟоу адимилитаризациатә зона аԥҵатәын уантәи арадикад еибашьцәа алганы аха ашәарҭадара хәдықәҵара аӡәгьы иахьазимуаз азы ҭагылазаашьа шыҟац иҟоуп.