РУСДРАМ артистцәа Аԥсныҟа амҩа иқәлеит

© Фото : предоставлено Ираклием ХинтбаТруппа РУСДРАМа ждет электричку, чтобы отправиться в Абхазию
Труппа РУСДРАМа ждет электричку, чтобы отправиться в Абхазию - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Искандер ихьӡ зху Аурыс драматә театр Адыгатәыла агастрольқәа рыманы иҟан жьҭаара 24 раахыс.

АҞӘА, жьҭаара 26 – Sputnik. РУСДРАМ атруппа агастрольқәа рышьҭахь Аԥсныҟа изыхынҳәуамызт Шәача Афедералтә трассаҿы амашьынақәа рныҟәара ахьаанкылаз иахҟьаны.

"Уажәы аихамҩа еиҭашьақәдыргылеит аелетричкагьы аныҟәара хацыркхеит. Ҳара абилеҭқәа ааҳхәеит. Аҩныҟа амҩа ҳақәлоит", — ҳәа ааицҳаит атеатр адиректор хада Иракли Хынҭәба.

Гастроли РУСДРАМа - Sputnik Аҧсны
РУСДРАМ артистцәа Аԥсныҟа изыхнымҳәыцт

Искандер ихьӡ зху Аурыс драматә театр Адыгатәыла гастроль ҳасабла иҟан. Агастрольқәа хыркәшаны аҩныҟа ианаауаз иақәшәеит амшцәгьа. Магри ааигәара амашьынақәа ргылара иахҟьаны даргьы уа иаангылеит.

Шеспи ааигәара ацҳа аӡы иагеит. Автомашьынақәеи адәыӷбақәеи рныҟәара аанкылахеит.

Атеатр аколлектив Шепсиҟа ихынҳәит, асасааирҭаҿы иаангылеит. Хынҭәба ишиҳәаз ала, асасааирҭаҿы аӡы ыҟамызт, аха афымцалашара ыҟан.

Автомобилтә еимадара Тҟәаԥси Лазаревски рыбжьара еиԥҟьан аӡиас Макәаԥсы ахьхыҵыз иахҟьаны.

Ажәабжьқәа зегьы
0