"Иаха сыхьшьын, иахьа сыҟәраанхеит"

CC0 / / Похмелье
Похмелье - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Арыжәтә џьбара иулаӡо узымдыркәаны амцхә аҽадцалара уахькылнаго атәы дазааҭгылоит Sputnik аколумнист Саида Жьиԥҳа.

- Убаржәы стапанча аацәырызгар, абарҭ ашьаԥа иаҵакнаҳау алашарбагақәа зегьы цҟьҟьа еиласыжьуеит.

- Ора, ус ҟаумҵан, нас араҟа итәо зегьы уқәпапаны уркуеит.

Абас ҩыџьа, аҩы иашьны иҟаз, Бзыԥҭа чарак аҟны рышьҭыбжь ӷәӷәа рганахь схьанарԥшит. Ршьа иҭахәмаруаз ақьаф "рымҵәыжәҩақәа" аанагазаап, уи нас ауп ианеилыскаа.

Саида Жьиԥҳа, Sputnik

Ауаҩы арыжәтә џьбара дшазымиааиуа ҩаԥхьа агәра згеит иҳаҩсыз амшқәа раан, ачараҟны избаз, исаҳаз ҩыџьа ахацәа реицәажәареи рхымҩаԥгашьеи ашьҭахь.

Архивтә фото. - Sputnik Аҧсны
Аԥсуа чара: атрадициақәеи иахьатәи аамҭеи реиҿыбаара

Ашьаԥа иаҵакнаҳаз алашарбагақәа иреихсырц згәы иҭаз, зынӡа ихы инҭыԥшша ицеит, атәара ҟалаанӡа, амикрофон кны, абырг, аибашьра аветеран, Аԥсны Афырхаҵа Рудольф Алшәындба, асасцәа бзиала шәаабеит ҳәа раҳәо аишәа ианадиртәалоз "ишәфы, ишәжәы, шәыхәмар, шәычча, амала, уажәааигәа Аҟәа ачараҟны иҟалаз ахысра аҩыза шәхы иаҭәашәымшьан, пату еиқәҵаны аԥшәмацәа рчара ҳарԥшӡап" ҳәа иажәақәа.

"Уажәы "сракета" снақәтәоит, нас Жәандәрыԥшь ачарахь сцоит, устәи Гәдоуҭаҟа", — ҳәа аҽхәара далагеит аарла зшьапы иқәгылаз ихысырц зҭахыз, аха зпатронақәа нҵәаз.

Ари асас дзызнеиуа "ибаргузеи"… Амҩан "иракета" (амашьына акәын дызҿыз) уаҩ дамшьындаз, итапанча уажәшьҭа ишәарҭам, аха… Убри сархәыцуан акраамҭа.

Ачара ашьҭахь хымш ааҵуаны, Гагра авокзал аҿаԥхьа сҩызцәа рыдәқьан "Венера" сшыҩнагылаз, "ауадҳара шәымазар" ҳәа ибжьы аагеит иҩналаз, 30-ҟа шықәса зхыҵуаз хаҵак.

Аԥсуа чеиџьыка - Sputnik Аҧсны
Аԥсуа чеиџьыка агәылаԥшра

— Унан, машәыр ҟаимҵазаап, ҽнак иалагӡаны х-чарак "аракета" иақәтәаны ирҭааз, ипатронадаз атапанча зыҟәныз, ибзиаӡаны игәныскылаз "афырхаҵа".

"Иухьзеи уара уҟәашӡа, иакәымыз уфама, уца уаргәаҟуама?" — ҳәа диҟәаҵуам акразҭиуа аԥҳәыс.

— Мап, "мамаша", хымш раахижьҭеи иаҳжәуан, иаха ахьшь саҩызан, уажәы сымч кәадахеит иҳәан, аԥаҭылка иҿыҵакны, ауадҳара ыжәуа, иахьа аҟәраан еиԥшхаз ахаҵа адәқьан дындәылҵит.

Избан абас еиԥш ҳхы зҳарҿаасҭо?!

Арыжәтә џьбареи, амашьынеи, абџьари зынӡагьы еинаалом, убри шәазхәыц. Урҭ шәахьынӡарылаҽарбо аамҭазы, шаҟаҩы ргәабзиареи, рыԥсҭазаареи рымшәххьеи?!

Ажәабжьқәа зегьы
0