Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Саида Џьынџьалԥҳа: аԥсшәа ззымдыруа ԥынгылақәак иԥылозароуп

© Sputnik / Томас ТхайцукСаида Аджинджал
Саида Аджинджал - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсуа бызшәа арҵаҩы Саида Џьынџьалԥҳа адырраҭара "Коӷониаԥҳа лымҩаду" аҟны абызшәа арҿиаразы шьаҿақәас иҟаҵатәу азҵаара дазааҭгыло иазгәалҭеит аԥсшәа ззымдыруа ԥынгылақәак роулароуп ҳәа.

"Коӷониаԥҳа лымҩаду": Џьынџьалԥҳа аԥсуа бызшәа иазкны
"Ахәыҷқәа абызшәа рзымдыркәа аԥсуа школ ахь инарышьҭуеит. Уа даҽа программак ыҟоуп, абызшәа здыруа рзы. Ҳаибажьозшәа иҟалеит, аԥсшәа рҵоит, ашкол иалгоит, аха  абызшәала изымцәажәаӡеит. Иагьаџьара иҳархаргьы абри абызшәатә уадаҩрақәа ҳанрылацәажәо, азыҟаҵаратә процесс, арҵагатә методикақәа ирыдаҳхәалар акәхоит.

Иахьа убас иҟоуп дарбанзаалакгьы аԥсшәа изымдыруазар Аԥсны иахьиԥырхагоу ҳәа акгьы ыҟам. Уи ахдырра аҟынтәи иаауазароуп, аҭаацәараҟны ишьақәгылазароуп. Аха иара ахдыррагьы шьҭызхуа ҳәа хыхьла иааиуазароуп, амотивациа ҟалароуп, ҳаҭыр ақәлароуп, абызшәа ззымдыруа, аԥынгылақәа роуазароуп", — ҳәа азгәалҭеит Џьынџьалԥҳа.

Ажәабжьқәа зегьы
0