Амшын иалаҳаз аҳаирплан апассаџьырцәа фҩык рыԥсыбаҩ ԥшаауп

© AP PhotoСпасательная операция в Индонезии
Спасательная операция в Индонезии - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Авиаеилахәыра Lion Air иатәыз аҳаирплан Boeing 737 MAX б Џьакартантәи адгьылбжьаха Суматраҟа иԥрит асааҭ 02.20 рзы. Арадарадарқәа рҟны абара ыӡит асааҭ 02.33. Индонезиатәи ажәабжьтә портал Detik.com ишаҳәо ала аҳаирплан иҭан 188-ҩык ауааԥсыра.

АҞӘА, жьҭаара 29– Sputnik. Индонезиа аҭагылазаашьа ҷыдақәа аԥызхуа амаҵзура адырра ҟанаҵеит аилахәыра Lion Air аҳаирплан адгьылбжьаха Иава ааигәара амшын иҭаҳаит ҳәа. Уажәтәи аамҭазы иԥшаауп фҩык ауааԥсыра рыԥсыбаҩқәа. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости.

Самолет авиакомпании Lion Air - Sputnik Аҧсны
Апассаџьыртә Boeing 737 Иава иацәыхарамкәа икаҳаит

"Авиоеилахәыра Lion Air аҳаирплан Boeing 737 иҭаз апассаџьырцәа фҩык рыԥсыбаҩ нагоуп а аҳаиртә баӷәаза Танджунг Приок ахь. Иҟоу адыррақәа рыла аӡәгьы иԥсы ҭаны деиқәымхеит", — ҳәа аҳәоит адырраҭараҿы.

Авиаеилахәыра Lion Air иатәыз аҳаирплан Boeing 737 MAX б Џьакартантәи адгьылбжьаха Суматраҟа иԥрит асааҭ 02.20 рзы. Арадарадарқәа рҟны абара ыӡит асааҭ 02.33. Индонезиатәи ажәабжьтә портал Detik.com ишаҳәо ала аҳаирплан иҭан 188-ҩык ауааԥсыра.

Ахҭыс ахьыҟалаз иацәыхарамыз аӷбақәа ркаԥданцәа адырра ҟарҵеит аҳаирплан Мраҭашәаратәи Иава амшынԥшаҳәаҿ ишырбаз.

Амшынуаа рҟынтәи аԥхьатәи адырра ҟаҵан асааҭ 06.45 рзы.

Ажәабжьқәа зегьы
0