Ԥлиаԥҳа: унадсылан Аконституциа аиҭакра алагалара ииашам, аха аамҭа иара атәы ҟанаҵоит
"Иазгәаҭатәуп, Аԥсны Ареспублика Аконституциа аҵыхәтәантәи ахәҭа аҭыԥантәи аусбарҭа ишазку, уаҟа иазгәаҭоуп араион аиҳабыс атәыла ахада дшалыихуа. Аха даара иҭышәынтәалоу аҳәынҭқаррақәа рҿгьы Аконституциа унадсылан аиҭакра иагьиашам, иагьыҟарҵом аӡәгьы. Ари азакәан усҟантәи аамҭа иақәшәо иҟаҵоуп, аха аамҭа цеит, аԥышәа иаҳнарбоит иахьа Аҟәатәи ақалақьтә еизара ишьҭырхыз аус актуалра шамоу. Насгьы ҳара аурыс иполитика ҳадҳәалоуп. Аҟәатәи ақалақьтә еизара аиҳабыра рахь иҟанаҵаз азҵаара аҭак анырмоу, ареферендум ахь рхы дырхеит", — ҳәа азгәалҭеит Ԥлиаԥҳа.