Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Аргәынԥҳа Ҭаҭарсҭантәи афестиваль азы: апрофессионалтә еицәажәара ҟалоит

© Sputnik / Томас ТхайцукМадина Аргун
Мадина Аргун - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсуа ҳәынҭқарратә драматә театр арежиссиор Мадина Аргәынԥҳа арадио Sputnik аефир аҟны илҳәеит Ҭаҭарсҭан Жәларбжьаратәи афестиваль рхы шаладырхәуа, Искандер иҩымҭала ақәыргыламҭа "Ажьақәеи арқьымаҭқәеи" шыддырбо.

Аргәынԥҳа Ҭаҭарсҭантәи афестиваль азы: апрофессионалтә еицәажәара ҟалоит
"Шықәсык аԥхьа Аԥсуа драматә театр аҟны Ҭаҭарсҭантәи атеатр ҳҭан, аспектакльқәа рыманы иқәгылеит. Усҟан аиҩызара ҳабжьалеит. Дара есышықәса амилаҭтә драматургиа Жәларбжьаратәи атеатралтә фестиваль мҩаԥыргоит. Иара аноминациақәа амаӡам, аиҿкааҩцәа ирыӡбеит афестиваль ныҳәак еиԥш имҩаԥыргарц. Сынтәа жә-театрк алахәуп, ҳара абҵара 3 рзы идҳарбоит ҳаспектакль. Урыстәыла атеатралтә усзуҩцәа, акритикцәа алахәхоит, изхәаԥшыз аспектакль еилдыргоит, апрофессионалтә еицәажәара ҟалоит, уи даара сазыԥшуп сара", — лҳәеит Аргәынԥҳа.

Ажәабжьқәа зегьы
0