Ҟәбан аамҭала иаанкылаз адәыӷбақәа аныҟәара иаладыргеит

© Sputnik / Виталий Тимкив / Амедиаҵәахырҭахь аиасраЛиквидация последствий наводнения на Кубани
Ликвидация последствий наводнения на Кубани - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Амшцәгьа ааха знаҭаз Ҟәбан аинфраструктура аиҭашьақәыргылара иаҿуп. Уажәазы адәыӷбақәа аихамҩахәҭа Тҟәаԥс – Гречески аҿы аныҟәара иалагеит.

АҞӘА, жьҭаара 31– Sputnik. "РЖД" аиҭашьақәыргылара иаҿуп амшцәгьа аԥхасҭа знаҭаз аихамҩақәа ҳәа аанацҳауеит РИА Новости.

"Аихамҩа аусзуҩцәа аинфраструктура аиҭашьақәыргылара иаҿуп. Жьҭаара 31 асааҭ 07.56 рзы аихамҩахәҭа Тҟәаԥс – Гречески аҿы аҩбатәи амҩала аныҟәара иалагеит адәыӷбақәа", — ҳәа аанацҳауеит аилахәыра.

Уи адагьы ахыркәшарахь инеиит актәи амҩаҿ аусурақәа. Уажәазы адәыӷбақәа аграфик аҿы ишарбоу еиԥш аныҟәара иаҿуп. Аихамҩа аусзуҩцәа ирылшо зегь ҟарҵоит амшцәгьа ахҟьа-ԥҟьақәа раԥыхразы.

Ликвидация последствий наводнения на Кубани - Sputnik Аҧсны
Шәачатәи ахырхарҭала адәыӷбақәа рныҟәара ахәҭакахьала ихацыркуп

Уаанӡа, жьҭаара 26 рзы, аихамҩахәҭа Шепси – Водопадныи еиҭашьақәыргылоуп ҳәа адырра ҟанаҵеит РЖД апресс-маҵзура.

Аихамҩахәҭа Шепси – Водопадныи еиҭашьақәыргылоуп, амҩақәа рыҩба рҟынтәи акала адәыӷбақәа амҩасра иалагеит.

Уи иалнаршеит аихамҩахәҭа Адлер – Тҟәаԥс аҿы игылаз адәыӷбақәа рдәықәҵара.

Аихамҩахәҭа Тҟәаԥс – Кривенковскаиа аиҭашьақәыргылараз аусурақәа ирҿын. ИАЕ "РЖД" анапхгара адҵа ҟанаҵеит Краснодари Тҟәаԥси рыбжьара адәыӷбатә еимадара уахыки-ҽнаки рыла ишьақәыргылахарц.

Абри ашьҭахь Шәачеи атәылаҿацәи реимадара нагӡахеит.

Тҟәаԥс – Адлер анеиҭашьақәдыргыла ашьҭахь апассаџьыртә дәыӷбақәа ԥшьба рымҩа иқәҵан, ақалақьнҭыҵтә фымцадәыӷба "Ласточка" аусура хацыркын.

Краснодартәи атәылаҿацә аҿы циклон ҳасабла ииасыз амшцәгьа иахҟьаны иҟоуп иҭахази аахақәа заузи. Атәылаҿацә иахьаҵанакуа ирацәоуп аӡхыҵрақәа аԥхасҭа рызҭаз анхарақәеи анхамҩақәеи.

Ажәабжьқәа зегьы
0