Кәыҵниа 2019 шықәсазтәи АҶА абиуџьет азы: итрагедиоу ҳәа акгьы збом

© Sputnik / Томас ТхайцукЛев Квициния на совещании по вопросу перезахоронения останков воинов Советской Армии в администрации президента
Лев Квициния на совещании по вопросу перезахоронения останков воинов Советской Армии в администрации президента - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Жьҭаара 30 рзы Аԥсны Аминистрцәа реилазаараҿы ирыдыркылеит 2019 шықәсазтәи ареспубликатә биуџьет апроект. Абиуџьет инақәыршәаны Аԥсны Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рминистрра абиуџьет 2018 шықәса рзы 160 миллион мааҭ ишыҟаз аиԥш иаанхеит.

АҞӘА, абҵара 1 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аԥсны Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рминистр Лев Кәыҵниа Sputnik аинтервиу аҭо иҳәеит 2019 шықәса рзы аминистрра абиуџьет ахьышьҭырымхыз трагедиак аҳасаб ала дшахәамԥшуа, аханатә абиуџьет аҽа 45 миллион мааҭ рыла ашьҭыхра шазыԥхьагәаҭазгьы.

Амиран Какалия - Sputnik Аҧсны
Арадио
Какалиа: афондқәа зегьы русура џьарак еидаҳкылар, иаҳа ииашахоит

АҶА абиуџьет ашьҭыхра аминистрцәа реилатәараҿы адгылара шамоузгьы аусбарҭа аусураҿы уи аныԥшуам ҳәа иазиԥхьаӡоит аминистр.

"Ҳара ҳбиуџьет иацрымҵеит, аус аауам ҳәа ҳәашьа ҳамаӡам. Ауаа азԥшуп ацхыраара ишаҳәаз еиԥш адгылара роуп ҳәа", — иҳәоит Лев Кәыҵниа.

Аԥсны Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рминистрра абиуџьет 2018 шықәса рзы 160 миллион мааҭ ишыҟаз аиԥш иаанхеит 2019 шықәса рзгьы.

"Аамҭа аҽаԥсахуеит. Ахәқәа ирыцлоит. Аҵыхәтәантәи аамҭазы абылтәы, ахьшьтәы рыхә халеит, атранспортхәҭақәа ракәзаргьы убас. Абри зегьы ҳусура ианымԥшырц залшом. Иааиԥмырҟьаӡакәа аԥсахрақәа зҭаху атранспорт ҳамоуп", — иҳәеит иара.

Кәыҵниа иазгәеиҭеит аныхрақәа шырацәоу, аусбарҭаҿ аӡаҵаҟатәи аиқәырхаҩцәа, акинологцәа, ашьхараҿ аусуҩцәа аус ахьыруа инамаданы.

Аминистр иҳәеит афинансқәа рминистр макьаназ афинансцҵара шзалымшо атәы шреилиркааз.

"2019 шықәсазтәи абиуџьет аҽамԥсахит. Ҳусбарҭа ахарџь рацәа амоуп. Ҳара ахашәала ҳәа акгьы ҳамаӡам, абиуџьетгьы ҳара ҳҟынтәи акгьы ҭалаӡом", — иҳәеит иара.

АҶА ахада иҳәеит 2019 шықәсазтәи абиуџьет адгылара шеиҭаз иахәҭаны ианыҟало аамҭазы афинанстә цхыраара роулап ҳәа агәыӷра иманы.

"Иахәҭаны иҟалар аԥаразоужьра алшар ауеит атәыла ахада ифонд аҟынтәи. Убри азы ҳбиуџьет иахьацрымҵаз трагедиак аҳасаб ала ҳахәаԥшуам. Ҳгәыӷуеит атәыла анапхгара ианаамҭоу, ԥсыхәа аныҟам адгылара ҳарҭалап ҳәа", — иҳәеит аминистр.

Аԥсны аԥыза-министр Валери Бганба аҩаша, жьҭаара 30 рзы имҩаԥигеит изаамҭанытәиу Аминистрцәа реилазаара аилатәара.

2019 шықәсазтәи Аԥсны ареспубликатә биуџьет апроект еицҿакрыла ирыдыркылеит Аминистрцәа реилазаара аилатәара иалахәыз зегьы.

Адокумент рыдигалеит афинансқәа рминистр Џьансыхә Нанба. Иара аилатәара иалахәыз идирдырит 2019 шықәсазтәи абиуџьет ахышәа-ҵышәа. Иара иартәоит 9 миллиардки 675 миллиони 376 нызқь мааҭ. Иазыԥхьагәаҭоу адефицит иартәоит 143 миллион 696 нызқь мааҭ. Ареспубликатә биуџьет ахашәалатә хәҭа иартәоит ҳәа иазыԥхьагәаҭоуп 7 миллиардки 575 миллион мааҭ. Урҭ рҟынтәи 2 миллиардки 778 нызқь мааҭ Урыстәылатәи афинанстә цхыраароуп.

Ажәабжьқәа зегьы
0