Путин 2025 шықәсанӡатәи амиграциатә политика ҿыц шьақәирӷәӷәеит

© Sputnik / Сергей Гунеев / Амедиаҵәахырҭахь аиасраПрезидент РФ В. Путин на саммите ШОС в Китае. День второй
Президент РФ В. Путин на саммите ШОС в Китае. День второй - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ҩ-миллионҩык Урыстәыла атәылауаа аҳәаанырцә аконсултә шәҟәҭаҩра рымоуп. Есышықәса 60 нызқьҩык рҟынӡа урыстәылаа аусурҭа аԥшаара ҳәа аҳәаанырцәҟа ицоит.

АҞӘА, абҵара 1— Sputnik. Урыстәыла ахада Владимир Путин иҳәаақәиҵеит амиграциатә политика апринципқәа. Арахь иаҵанакуеит урыстәылатәи атәылауаа ринтересқәа аԥыжәара рыҭара, атәыла ауааԥсыра ррегионалтәи ретнокультуратәи ԥсҭазаара азыԥхьагәаҭара. 2019-2025 шықәсқәа рзы аҳәынҭқарратә миграциатә политика апринцип хадақәа Кремль асаит аҿы ицәыргоуп.

"Аҳәынҭқарратә миграциатә политика азырхоуп Урыстәылаҟа ҳџьынџьуаа нхара, усура ҳәа риасразы аҭагылазаашьа маншәалақәа раԥҵара, урыстәылатәи атәылауаҩра роура", — иҳәеит атәыла ахада аҳәаанырцә инхо урыстәылатәи аицџьынџьуаа VI адунеизегьтәи рконгресс аҿы.

Иара иажәақәа рыла адунеи аҿы имариам аҭагылазаашьа ыҟоуп. Еиларгоит жәларбжьаратәи азинқәеи апринципқәеи, аҿиара иалагеит анационализм, иҿыцны ихырҩылаауеит аҭоурых, аурыс бызшәа аҿагылара еиҳа-еиҳа аҽарҭбаауеит.

Аконцепциа атекст инақәыршәаны амиграциатә политика апринцип хадақәаны иара убасгьы иҟоуп аграждантә уаажәларра аинститутқәа амиграциатә политика анагӡара ралахәра, амиграциатә политика анагӡараз афинанстә цхыраара амҩаԥгара.

Урыстәыла ахада атәыла аиҳабыра рнапы ианиҵеит 2019–2025 шықәсазтәи амиграциатә политика аконцепциа хымз рыла аларҵәара мҩаԥыргарц.

Ажәабжьқәа зегьы
0