Аекспертцәа 2019 шықәса рзы ахәшәқәа рыхә иацлар ҟалоит ҳәа рҳәоит

CC0 / / Таблетки
Таблетки - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аекспертцәа иазгәарҭоит ахәышәәқа рыхә 2019 шықәса рзы иацлар ауеит ҳәа

АҞӘА, абҵара 2— Sputnik. Урыстәыла, 2019 шықәса рзы ахәшәқәа рыхә 10 процентк рҟынӡа ихалар алшоит ҳәа аанацҳауеит РИА Новости.

Аҳәаанырцәтәи ахәшәқәа рыхә ашьҭыҵра авалиута аиҭакра иадырҳәалоит. Убри аан аҭыԥаҿ иҭрыжьуа ахәшәқәагьы рыхәԥса арҳаракра азыԥхьагәарҭоит аҳәаанырцәтәи ахәҭақәа ралахәразы.

Аекспертцәа ишырҳәо ала иааиуа амзақәа рыҩныҵҟа урыстәылатәи амааҭ апозициақәа азырӷәӷәар, аҭыԥантәи ахәшәқәа рыхәԥса ашьҭыхра аҭахымхар алшоит.

Иара убри аан рыхә шьҭырымхыр алшоит 700 инарыҵаркуа хәшәы – еиҳа ишәарҭоу ачымазарақәа раан ԥсыхә змам ҳәа иԥхьаӡоу. Аекспертцәа ражәақәа рыла аҳәынҭқарра урҭ рыхәԥса ашьҭыхра алнаршом.

Ажәабжьқәа зегьы
0