Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Санӡааԥҳа: ҳџьынџьуаа рбызшәа иацәыԥхашьаӡом, дара-дара еицхыраауеит

© Фото : предоставлено: Дали СандзааДали Сандзаа
Дали Сандзаа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ҭырқәтәыла аԥсуа бызшәазы акурсқәа рырҵаҩы Дали Санӡааԥҳа арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы еиҭалҳәеит ҳџьынџьуаа аԥсшәа дырҵаразы аусура шцо атәы.
Санӡаа Ҭырқәтәыла аԥсшәа дырҵаразы акурсқәа ирызкны: гәахәароуп исҳәарызеи ҳәа иансыхәаԥшуа

"Ҵыԥх абызшәа зсырҵаз, сынтәа ицәажәоит сҳәар сылшоит, аҩра аԥхьашьа рдыруеит. Сгәыԥ аҿы иҟаз аҵаҩцәа аԥсшәа заҳауаз, аха изымцәажәоз ракәын. Абызшәа ирлас ирҵоит сҳәар сылшоит. Аԥхашьара аганахьала, ус еиԥш ара ауадаҩра ыҟаӡам, дара зегьы еиԥшуп азы, рбызшәа иацәыԥхашьаӡом, дара дара еицхыраауеит. Сынтәа, ҵыԥхтәи агәыԥ аҿы санааҩнала рылақәа чча-ччо исҳәарызеи ҳәа иԥшуп. Уи гәахәароуп са сзы, ҳәашьакгьы сӡаҭом", — ҳәа азгәалҭеит Санӡааԥҳа.

Аиҿцәажәара инарҭбаан шәазыӡырҩыр ҟалоит арадио Sputnik Аԥсны ишиашоу ицо аефир аҟны, асааҭ 18:00 рзы.

Ажәабжьқәа зегьы
0