Трамп игәаԥхом Саудтәи Аравиа Иемен аҿы ЕАШ абџьар ахы ишанархәо

© AFP 2023 / MANDEL NGANПрезидент США Дональд Трапм
Президент США Дональд Трапм - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ара излацәажәо Иемен ахыҷқәа мҩанызгоз автобус нанҳәамзазы иахьаехсуаз ауп.

АҞӘА, абҵара 5 — Sputnik. Саудтәи Аравиа америкатәи абџьар ииашамкәа ахархәара анаҭоит иҳәеит ЕАШ ахада Дональд Трамп аҭыжьырҭа Axios аинтервиу анеиҭоз ҳәа аанацҳауеит РИА Новости.

"Иемен ахәыҷқәа зҭаз автобус иахьаехсуаз ҳәашьа узаҭом. Уи сгәы иалсма ҳәа усазҵаауазар, иазысҳәаша ажәагьы сымам. Урҭ ауаа абџьар рхы ишадырхәаша иазыруша рыздырам", — иҳәеит Трамп.

ЕАШ Саудтәи Аравиа абџьар аархәара иаҟәыҵуоу иаҟәымҵуоу ҳәа иҭаз азҵаара аҭакс Америка ахада иазгәеиҭеит Иемен иҟоу аҭагылазаашьа дшашьклаԥшуа.

"Сара Саудтәи Аравиа аиҳабыра срацәажәарц сыҟоуп. Даараӡа исҭахым абџьар ахархәашьа ззымдыруа ауаа абџьар ркызарц", — иҳәеит иара.

Иемен бџьаршьҭыхлатәи аимак ахы цәырнагеит 2015 шықәса рзы. Аимак ахы аланагалеит Саудтәи Аравиа зхадараҿы иҟоу араб тәылақәа ркаолициа.

Саудтәи Аравиа зхадараҿы иҟоу араб тәылақәа ркаолициа нанҳәа 9 рзы Дахиан араион (апровинциа Саада) аҿы аҳауатә жәылара мҩаԥыргеит. Аҭынч уааԥсыра рыбжьара 50-ҩык рҟынӡа ауаа ҭахеит. Урҭ реиҳараҩык хәыҷқәан.

Ажәабжьқәа зегьы
0