Ҳазлацәажәаша ҳамоуп: Анқәаб Аԥсны ақыҭанхамҩаҿы амандарина аԥеиԥш иазкны
"Иахьа амандарина ҿыцны еиҭауҳарцаз — иаахәатәуп, нас бжьышықәса-аашықәса уахылаԥшроуп — ауац аҵауԥсароуп, амахәҭақәа еилыухлароуп, иухәышәтәыроуп. Уи зегьы ирылшом, анхамҩа ацхыраара аҭатәуп, аҳәынҭқарра акәзар, уи алшом. Уажәазы ихадоу ҳара ҳзы — иҳамоу аиқәырхара ауп. Ҳанхамҩаҿы быжьнызқь раҟара ашьаҭа ҿыцқәа еиҭаҳаны иҳамоуп, дара иаарласны аҽаҩра ҳаҭара иалагоит. Усҟан ҳара ҳанхамҩаҿы еихаҳаны ашьаҭақәа ҟаҳҵон, уажәы иааҳхәар ауп", — ҳәа азгәеиҭеит Анқәаб.
Аиҿцәажәара инарҭбаан шәазыӡырҩыр ҟалоит арадио Sputnik Аԥсны ишиашоу ицо аефир аҟны, асааҭ 18:00 рзы.