Гагра араион аҿы изызҳауа 220 пальма рыхәшәтәра иаҿуп

© Sputnik / Саида ЖибаОбработка пальм в Гагре
Обработка пальм в Гагре - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Мызкы аахижьҭеи Гагра апальмақәа рыхәшәтәра нап аркуп.

АҞӘА, абҵара 6 — Sputnik, Саида Жьиԥҳа. Гагра аҵакыраҟны изызҳауа апальмақәа 220 шьапы рыхәшәтәра нап анаркит ақалақь аиҿкааратә Комбинат.

"Иахьатәи амш азы 110 шьапы ахәшә рықәаҳҭәахьеит, иаанханы иҟоугьы ҳазну амза нҵәаанӡа арықәҭәара ҳахьӡоит. Иазгәасҭарц сҭахуп ари актәи ахәҭа шакәу. Амшқәа зеиԥшрахо инарықәыршәаны, ҳус иацаҳҵоит. Апальматә бжы ҟаԥшь аҳауа ԥхарра 17 градусынӡа иачҳауеит, иԥыруеит. Ахьҭақәа ҟалар аҽаҵәахуеит. Убри аҟнытә, аԥхасҭа зырҭахьоуи иахьымнеици апрофилактика аҳасабала ахәшә рықәаҳҭәоит зегьы", — ҳәа азгәеиҭеит ақалақь аиҿкааратә Комбинат агроном хада Дарел Џьниа.

Апальмақәа рыхәшәтәра амҩаԥысшьа иахылаԥшуа иҳәеит ахәаҷа згәылалаз апальмақәа иахьрызҳауа ала ақәцә шхьынаауа, уи алагьы егьырҭ ишрылубаауа.

"Зынӡа зеиқәырхара алымшаз ҩ-пальмак хырымҵәар амуа иҟалеит. Агроном хада агәыӷра имоуп иаанхаз, рыхьчара рылшап ҳәа. Аха абжы ҟаԥшь ахы шымҩаԥнаго аилкаара имариам усуп", — иҳәеит иара.

Апальмақәа рхәшәтәуеит апрепарат "Бореи-нео" ала. Ҩ-ҵәыцак 15 литра аӡы иалаҭәаны шьапык ақәцә ала иақәырҭәуеит.

Савелий Читанава - Sputnik Аҧсны
Арадио
Ҷыҭанаа: ҳахәшәқәа зегьы еизыркәкәаны апальмақәа рыхәшәтәра ҳалагеит

Ахәшәтәра мҩаԥысуеит аекологиазы Аԥсны Аҳәынҭқарратә Еилакы ахантәаҩы Роман Дбар иабжьгарақәа ирықәыршәаны. Зныктәи ақәҭәара апальмахь ахәаҷа нанашьҭуам 20-25 мшы.

"Раԥхьанатә апальмақәа ахәшә арықәҭәара ауадаҩрақәа ҳазцәырнагон. Урҭ иахьрызҳауа абнатә ҵиаақәа рԥырачны иахьыҟаз ирххтәын, ҳтехника ҷыда неиратәы иҟаҵатәын", — ҳәа азгәеиҭоит агроном хада.

Апальмақәа рыхәшәтәразы иаҭаху ахәшәқәа аахәоуп Гагра араион Ахадара ахарџьла.

Ажәабжьқәа зегьы
0