Ҳашԥҳа Аҟәатәи "Динамо" Шәача рыхәмарра иазкны: хәыҷыкгьы иаҳцәеисит
"Ахԥатәи аҭыԥ ҳгеит, уи лҵшәа бзиоуп ҳәа сахәаԥшуеит. Урыстәылатәи академиақәа рҟнытә иааз акомандақәа ракәын, афинал азбжахь ԥшь-командак рҿы ҳаргьы ҳалан. Ҳара ҳаҵахеит 4:1 ҳәа, убри иахҟьаны ахԥатәи аҭыԥ азы ҳаицлабуан, 5:1 ҳәа ҳаиааит. Ҳшьа ҳуит азаҳҳәар ҳалшоит, акарта ҟаԥшьгьы ҳауит, аҩежьгьы ҳауит, хәыҷыкгьы иаҳцәеисит, аха зегь акоуп ҳаиааит. Иреиӷьу ахьчаҩбжа ҳәа дыԥхьаӡахеит ҳара ҳшьапылампыласҩы Ҭемыр Гьенџьиа. Афинал азбажаҿы ҳзаҵахаз роуп актәи аҭыԥ аанызкылаз. Ахԥатәи аҭыԥ ҳара ҳзы лҵшәа бзиоуп ҳәа исыԥхьаӡоит", — ҳәа азгәалҭеит Ҳашԥҳа.