Ансамбль "Каданс" афонд "Ашана" иацхраарц аконцерт мҩаԥнагеит

© Фото : Алик АлавердянБлаготворительный концерт группы "Каданс" в Очамчыре
Благотворительный концерт группы Каданс в Очамчыре - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Агәыҳалалратә концерт апрограммаҿ иҟан аԥсуа, аурыс, аҳәаанырцәтәи ашәақәа.

АҞӘА, абҵара 8 – Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Ансамбль "Каданс" афонд "Ашана" иацхраарц аконцерт мҩаԥнагеит Очамчыратәи Акультура аҩнаҿы ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит аколлектив анапхгаҩы Алик Алавердиан.

"Ҳара раԥхьаӡа акәым агәыҳалалратә концерт мҩаԥаагоижьҭеи. Аԥара заҟа еизаагазгьы сыздырам, аиашаз. Аҩналара хәыда-ԥсадан. "Агәыҳалалра ачықьмаџьа" дасу заҟа иҭаху аԥара ҭеиԥсон. Ҳаигәырӷьоит хәыҷык иакәзаргьы ацхыраара ҳазиҭазар", — иҳәеит иара.

Алавердиан иажәақәа рыла, агәыҳалалратә концерт амҩаԥгара аԥшьыргеит "Каданс" ашәаҳәаҩцәа қәыԥшцәа.

Ансамбль Каданс - Sputnik Аҧсны
Ахәыҷтәы ансамбль "Каданс" Санкт-Петербургтәи аиндаҭлараҿ аиааира агеит

"Ҳәарада, уџьала аԥара анурҳауа даара ибзиоуп, аха акраҵанакуа иҟоуп дара рҩызцәа аҽа хәыҷқәак ацхыраара шырҭаху анеилыркаауа. Ахәыҷқәа рџьабаала аԥара рҳаны аҽаӡәы ицхраарц ахьырҭаххаз ахәшьара ду амоуп", — иҳәеит анапхгаҩы.

Агәыҳалалратә концерт апрограммаҿ иҟан аԥсуа, аурыс, аҳәаанырцәтәи ашәақәа.

"Очамчыраа еснагь даара ибзианы ҳрыдыркылоит. Ахәыҷқәа ракәзар ишрылшоз ала ишәаҳәеит, икәашеит. Ахәаԥшцәагьы аҵахомызт. Иҳацшәаәҳон, иҳацкәашон", — ҳәа еиҭеиҳәоит Алавердиан.

Иара иажәаәқа рыла, "Каданс" алахәылацәа ирыгәҭакуп ареспублика егьырҭ араионқәеи ақалақьқәеи рҿгьы ақәгылара.

Ахәыҷтәы ансамбль "Каданс" аԥҵан 2014 шықәса рзы. Ирылахәын еиуеиԥшым афестивальқәа: "Азбука искусств", "Будущее планеты". Иқәгылахьеит ахәыҷтәи лагер "Артек" аҿы.

Ажәабжьқәа зегьы
0