"Ҳазлацәажәаша ҳамоуп": Абҳазоу Ӡиӡариа ихьӡ зху апремиа иазкны
"Амилаҭтә литература арҿиаразы еиуеиԥшым ауснагӡатәқәа азгәаҭоуп. Ааигәа ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла ахадараҟны иазыӡбан — иреиӷьу ажәабжь азы, ашәҟәыҩҩы, адраматург Ӡаӡ Дарсалиа ихьӡ зху апремиа аԥҵазарц. Ажиури алаҳхит. Сынтәатәи ашықәс иалагӡаны икьыԥхьыз апериодика аҟны, мамзаргьы ашәҟәы иагәыланы иҭыжьу иреиӷьу асахьаркыратә жәабжь азы апремиа аԥҵоуп. Ҳазҭоу абҵарамза ҩажәанӡа ашәҟәыҩҩцәа Реидгылахь инаргароуп аҩымҭақәа. Абыжьқәа еиҳаны изауз ажәабжьқәа ҩба алкаахоит. Актәи апремиа жәанызқь мааҭ ақәуп, аҩбатәи хәнызқь мааҭ", — иҳәеит Абҳазоу.
Ашәҟәыҩҩы, адраматург Ӡаӡ Дарсалиа диижьҭеи сынтәа 120 шықәса ҵит.
Аиҿцәажәара инарҭбаан шәазыӡырҩыр ҟалоит арадио Sputnik Аԥсны ишиашоу ицо аефир аҟны, асааҭ 18:00 рзы.