Изакәанымкәа аҵлақәа ԥызҟаз асасааирҭа х-нызқьмааҭ ақәырҵеит

CC0 / / Османтус душистый
Османтус душистый - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Османтус захьӡу аҵлақәа ԥҟан асасааирҭа "Интер-Сухум" аҿы абҵара 9 рзы.

АҞӘА, абҵара 13 – Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Х-нызқьмааҭ рҟынӡа ахараԥса ақәырҵеит закәаншьаҭада аҵлақәа ԥызҟаз асасааирҭа "Интер-Сухум" ҳәа Sputnik иазааицҳаит аекологиаз Аҳәынҭқарратә еилакы ахылаԥшра-инспекциатә ҟәша аиҳабы Ҭимур Ӡыба.

"Административтә закәанеидкыла инақәыршәаны закәаншьаҭада ҵлак аԥҟара иартәоит хараԥсак аҳасаб ала 1200 мааҭ аԥара. Ақәҵара рыдкылан азакәан еилазгаз ирызнаган. Асасааирҭа анапхгара 15-мшы рыҩныҵҟа штраф ҳасабла иршәароуп ахараԥса", — иҳәеит иара.

Уи адагьы абри аҭыԥ аҿы еиҭарҳароуп аҵла шьаҭа ҿыцқәа.

"Ахараԥса ахышәа-ҵышәеи ашәашьа аформеи Административтә закәанеидкыла ахәҭаҷқәа инарықәыршәаны иҟалаз аԥхасҭа иашьашәаланы ишьақәдыргылоит. Арахь иаҵанакуеит аҵла ахкы. Ашықәс, аҭагылазаашьа уҳәа егьырҭ аҟазшьарбагақәагьы", — иҳәеит Ӡыба.

© Sputnik / Томас ТхайцукИзакәанымкәа аҵлақәа ԥызҟаз асасааирҭа х-нызқьмааҭ ақәрҵеит
Изакәанымкәа аҵлақәа ԥызҟаз асасааирҭа х-нызқьмааҭ ақәрҵеит - Sputnik Аҧсны
1/3
Изакәанымкәа аҵлақәа ԥызҟаз асасааирҭа х-нызқьмааҭ ақәрҵеит
© Sputnik / Томас ТхайцукИзакәанымкәа аҵлақәа ԥызҟаз асасааирҭа х-нызқьмааҭ ақәрҵеит
Изакәанымкәа аҵлақәа ԥызҟаз асасааирҭа х-нызқьмааҭ ақәрҵеит - Sputnik Аҧсны
2/3

3/3

Аекологиеи аԥсабара ахьчареи рзы аилак ахантәаҩы Савели Ҷыҭанаа иажәақәа рыла ареспубликаҿы аҵлаԥҟара аекологцәа ақәыршаҳаҭны имҩаԥгалатәуп.

"Ахатәхаҿқәа арзаҳал рыҩуеит. Аҭыԥ ахь инеиуеит аекологцәа. Дара ишьақәдыргылоит аҵла аԥҟара ҟалоу иҟамлоу. Иара убасгьы ахҿара азҵаарагь рыӡбоит", — иҳәеит иара.

Ахараԥса х-нызқьмааҭ еиҳазар азҵаара ӡбхоит Аԥсабарахьчаратә прокуратураҿы. Ӡыба иазгәеиҭеит Аԥсны закәаншьаҭада аҵлақәа рыԥҟара лассы-лассы ишымҩаԥысуа.

Ажәабжьқәа зегьы
0