Шьамтәылатәи атауарқәа раԥхьаӡа акәны афорум "Vizit Апсны" аҿы иӡыргахоит

© Sputnik / Михаил Воскресенский / Амедиаҵәахырҭахь аиасраРыночная торговля в Дамаске
Рыночная торговля в Дамаске - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Атуристтә форум "Vizit Апсны" мҩаԥысраны иҟоуп Аҟәа, абҵара 19 — 20 рзы. Иара еиҿыркааит Аԥсны Ахәаахәҭра-ааглыхратә Палатеи "Аԥсны атуризм аидгылеи".

АҞӘА, абҵара 13 – Sputnik. Раԥхьаӡа акәны афорум "Vizit Апсны" аҿы ицәыргахоит Шьамтәылатәи атауарқәа ҳәа радио Sputnik Аԥсны иазеиҭалҳәеит "Аԥсны атуризм аидгыла" апрезидент Анна Калиагина.

"Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахәаахәҭра-ааглыхратә Палата ацхыраарала сынтәа Аԥсныҟа иаараны иҟоуп Шьамтәылатәи аделегациа – атурист еилахәырақәа ҩба рхаҭарнакцәеи "Шьамтәыла анапҟазаҩцәа Реидгыла" ахаҭарнакцәеи", — лҳәеит Калиагина.

Ацәыргақәҵа-џьармыкьаҿ атуристтә еилахәырақәа реиԥш жәлар рҟазацәагьы алахәхоит. Рнапкымҭақәа ӡырыргоит Аԥснеиԥш Шьамтәылатәи анапҟазауаагьы,  иара убас Ҟрым ахаҭарнакцәагьы.

Атуристтә форум "Vizit Апсны" мҩаԥысраны иҟоуп Аҟәа, абҵара 19 — 20 рзы. Иара еиҿыркааит Аԥсны Ахәаахәҭра-ааглыхратә Палатеи "Аԥсны атуризм аидгылеи".

Афорум "Vizit Апсны" аҿы ирылацәажәараны иҟоуп еиҳа аҵакы зманы иҟоу азҵаарақәа, апроблемақәа.

II атуристтә форум "Vizit Апсны" рҽаладырхәуеит Урыстәылатәи Афедерациа арегионқәа жәпакы, Шьамтәылатәи арабтә Республика, Ареспублика Ҟрым.

Ажәабжьқәа зегьы
0