Френк Синатра имаҭәақәа аукцион ахь инаргоит

© AFP 2023 / KENA BETANCURПлакат Фрэнка Синатры
Плакат Фрэнка Синатры - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Френк Синатра имаҭәақәа иара убасгьы иԥҳәыс лхьымаҭәа аҭирахь икылыргоит.

АҞӘА, абҵара 14 – Sputnik. Америкатәи ашәаҳәаҩ ду Френк Синатра имаҭәақәа иара убасгьы иԥҳәыс Барбара лхьымаҭәа аҭирахь икылыргоит аукцион Sotheby's аҿы ҳәа аанацҳауеит РИА Новости аукцион аофициалтә саит адыррақәа ҵаҵӷәыс иганы.

Аукцион мҩаԥгахоит ԥхынҷкәын 6 рзы.

Sotheby's аҿы ицәыргахоит Френк Синатра имаҭәақәеи иԥҳәыс лхьымаҭәеи реиԥш асахьақәа, Синатра Палм-Спрингстәи ирезиденциаҟынтәи амаҭәарқәа, Лос-Анджелеси Малибуи рҿтәи арезиденциақәа рҿы иҵәахыз амаҭәарқәа.

Аукцион асаит ишаҳәо ала аҭирахь инагахоит 120 маҭәар. Ара иҟоуп еицырдыруа асахьаҭыхыҩ Норман Роквелл иҭихыз Френк Синатра ифотосахьа, Синатра Барбара дызлеиҳәаз ахьымацәаз.

Аҭыжьымҭа Hollywood Reporter ишаҳәо ала аколлекциа ахәԥса иартәоит х-миллион доллар рҟынӡа.

Френк Синатра — ХХ ашәышықәсазы еиҳа иналукаашаз америкатәи амузыкант, ашәаҳәаҩ, акиноактер. 1954 шықәса рзы ианашьан аԥхьахә "Оскар" иреиӷьу ахаҵа ироль азы.

Ажәабжьқәа зегьы
0