Урыстәылаа ииасыз ашықәс азы Таиланд ҩ-миллион доллар аҟынӡа аанрыжьит

CC0 / / Урыстәылаа ииасыз ашықәс азы Таиланд ҩ-миллион доллар аҟынӡа аанрыжьит
Урыстәылаа ииасыз ашықәс азы Таиланд ҩ-миллион доллар аҟынӡа аанрыжьит - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Таиланд адунеи аҟны реиҳа аԥсшьараз иманшәалоу тәыланы иԥхьаӡоуп.

АҞӘА, абҵара 15— Sputnik. Урыстәылатәи атуристцәа ииасыз ашықәс азы Таиланд абиуџьет иазынрыжьит миллиард доллар рҟынӡа аԥара, ҳәа иҳәеит Урыстәыла ахада Владимир Путин Таиланд аԥыза-министр Праиут Чан-Оча даниԥылоз ҳәа аанацҳауеит РИА Новости.

"Урыстәылаа ииасыз ашықәс аан рыԥсшьараамҭазы Таиланд ҩ-миллион доллар аҟынӡа аанрыжьит", - ҳәа иҳәеит Путин.

Урыстәылеи Таиланди реизыҟазаашьа акыр иҭышәынтәаланы имҩаԥысуеит, Урыстәылаа уахь рыԥсшьарамшқәа рхыгаразы рцара ус шакәу шьақәнарӷәӷәоит ҳәа азгәеиҭеит Урыстәыла ахада.

Таитәи аԥыза-министр иакәзар аҳәынҭқаррақәа рыбжьара атауареикәыршара 50% рыла иацлеит иҳәеит.

"26% еиҳахеит Таиланд иаҭааз урыстәылатәи атуристцәа рхыԥхьаӡара", — иҳәеит Чан-Оча.

Иара убасгьы далацәажәеит Таиланди Урыстәылеи ашәарҭадара аусхк аҟны русеицура.

Ажәабжьқәа зегьы
0