Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Гогәуа иҳәеит аурыс-аҭырқәа усеицура Аԥсны лшарас ианаҭар иҟало

© Sputnik / Томас Тхайцук "Жәларбжьаратәи афонд Аԥсны" ахантәаҩы, анаплакҩы Сенер Гогәуа

Жәларбжьаратәи афонд Аԥсны  ахантәаҩы, анаплакҩы Сенер Гогәуа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
"Жәларбжьаратәи афонд Аԥсны" ахантәаҩы, анаплакҩы Сенер Гогәуа арадио Sputnik аҟны дырзааҭгылеит Урыстәылеи Ҭырқәтәылеи ирыбжьоу ахәаахәҭра Аԥсны алахәхарц азы лшарас иҟоу.
Гогәуа иҳәеит аурыс-аҭырқәа усеицура Аԥсны лшарас ианаҭар иҟало

"Хымԥада, астратегиатә ҩызак аҳасабала Урыстәыла актәи аҭыԥ аҟны игылоуп, аха Ҭырқәтәылагьы аекономика аганахьала аус зцаҳуа, аҩбатәи аҭыԥ аҟны игылоу ауп, ҳдиаспора ду уа инхоит. Аҵыхәтәантәи ҩынҩажәа шықәса рыбжьара арҭ аҩ-ҳәынҭқаррак реизыҟазаашьақәа иахьа еиԥш еизааигәаны иҟамлацызт. Уи, хымԥада, ҳара ҳзы ибзиоуп, избанзар ҭоурыхлагьы ҳанахәаԥшуа, Урыстәылеи Ҭырқәтәылеи рыбжьара ауадаҩрақәа аныҟоу ҳаргьы  иаҳныԥшуеит. Иахьа, Урыстәыла адәныҟатәи ахәаахәҭра 600 миллиард доллар ыҟоуп, Ҭырқәтәыла акәзар 400. Арҭ арбагақәа иаҳдырбоит рекономика аҩӡара зеиԥшроу. Дара аҳәынҭқаррақәа рыбжьара ахәаахәҭра иахьазы 22 миллиард доллар инаӡоит. Аха аҩ-ҳәынҭқаррак рхадацәа иазгәарҭеит уи 100 миллиард доллар рҟынӡа инаргар шырҭаху. Аиқәшаҳаҭрақәа ирыбжьарҵо ракәзар ажәашықәсақәа рыҵаркуеит, ирҭахуп дара рыбжьара ахәаахәҭра  рмилаҭ ԥарала иалагарц. Уи даара аҵакы дууп. Еиуеиԥшым апроектқәа рымоуп. Аԥсны аганахьала  иҟанаҵар иалшои, ҳҳәозар. Апроектқәа аԥсҭазаара раларҵәараҟны  акырӡа аҵанакуеит алогистика азҵаара. Амшын ала Ҭырқәтәылеи  Урыстәылеи рыбжьара х-баӷәазак ыҟоуп, аха уи азхаӡом. Иахьа Урыстәылеи Ҭырқәтәылеи абизнес знапы алакәу акыр иазҿлымҳауп алогистикагьы иаҳа иахьымариоу, ашәахтәи абанктә системақәеи ахьыманшәалоу аҭыԥ ҿыц. Уи аҟны даара ааглыхра рнапы ахьаларкша, азауадқәа, ацехқәа уҳәа аартны русура еиҿыркаауеит. Ҳара Аԥсны аҩныҵаҟа ааглыхратә зона ҟаҵаны урҭ ауаа азинҷыда раҳҭар, аинвестициақәа аартә иҟаҳҵар алшоит. Абарҭқәа зегь раҳҳәарц Москва абизнес –форум аҿы Аԥснынтәи  ҳаргьы ҳаҟан. Уи иалахәыз аурыс аҭырқәа наплакыҩцәа Аԥсныҟа иаауеит, аҭыԥаҿы ираҳҳәаз дҳарбарц, ҳаԥхьаҟа аус ҳурцоуп", - иҳәеит Гогәуа.

Абҵара 12 рзы Москва имҩаԥысит Урыстәылеи Ҭырқәтәылеи русутә форум. Аҭырқәа-аурыс усутә еизыҟазаашьа ҿыцқәа рыҿиараҟны афорум иҷыдоу хҭысны иҟалеит ҩ-ҳәынҭқаррак  русдкылаҩцәа рзы.

Ажәабжьқәа зегьы
0