Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Ҵәыџьԥҳа: анапҟазацәа Аԥсны иаадыртыр рҭахуп "Шьамтәыла аҩны"

© Sputnik Кама Цвижба
Кама Цвижба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны ахәаахәҭра-ааглыхратә палата анҭыҵтәи аимадарақәеи аинвестициақәеи русбарҭа аиҳабы Кама Ҵәыџьԥҳа арадио Sputnik аҟны еиҭалҳәеит Шьамтәылатәи анапҟазацәа Аԥсны раалыҵ ахьырҭиуа аҩны аадыртыр шырҭаху.
Ҵәыџьԥҳа: анапҟазацәа Аԥсны иаадыртыр рҭахуп "Шьамтәыла аҩны"

"Исасцәаны иаҳҭоуп Шьамтәылантәи анапҟазацәа. Дара раԥхьаӡа акәны  Аԥсны иаҭааит, иааргеит еиуеиԥшым амаҭәарқәа ртәыла асимволика змоу. Ари алыршахеит цәыббрамзазы Шьамтәыла аделегациа ду анаҭаз анапы зҵаҩҩыз аиқәшаҳаҭра иабзоураны.  Усҟан Аԥсны Ахәаахәҭра –ааглыхратә  палата ахада Ҭамила Мерцхәлааԥҳа ажәа рылҭеит дара раалыҵ Аԥсны ишцәыргахо. Ҩымз ирылагӡаны ари алыршахеит. Иахьа убас исасцәаны иаҳҭоуп Урыстәылантәи асасцәа, Ҟрым ахаҭарнакцәа, еиуеиԥшым атуристтә фирмақәа. Ҳара раԥхьаӡа акәны ҳажәлар идҳарбеит Шьамтәылаа рнапы иҵыҵуа еиуеиԥшым амаҭәарқәа. Дара ргәы  иҭоуп Аԥсны иаадыртырц "Шьамтәыла аҩны". Уаҟа ирҭииларц ртәыла аҟынтәи иаарго еиуеиԥшым аматәзарқәа", — лҳәеит Ҵәыџьԥҳа.

Аԥсны имҩаԥысуеит аҩбатәи атуристтә форум цәыргақәҵа "Visit Apsny". Афорум еиҿыркааит Ахәаахәҭра –ааглыхратә палатеи Аԥсны атуристтә еидгылеи.

Аиҿцәажәара инарҭбаан шәазыӡырҩыр ҟалоит арадио Sputnik Аԥсны ишиашоу ицо аефир аҟны, асааҭ 18:00 рзы.

 

Ажәабжьқәа зегьы
0