Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Бебиаԥҳа: ҳажәлар ргәы ашьҭыхра ауп акыр сахьӡозар, сахьызагӡо

Анапаҵаҩра
Аҵарауаҩ, Аԥсны зҽаԥсазтәыз ажурналист, ААУ апрофессор Екатерина Бебиаԥҳа абҵарамза 20 рзы иазгәалҭоит лира амш. Сынтәа лара илхыҵит 60 шықәса. Арадио Sputnik Аԥсны аефираҿ Екатерина Бебиаԥҳа еиҭалҳәеит лнапы злаку аусқәа зегьы шьаҟас ирыҵоу.
Ҳазлацәажәаша ҳамоуп: Бебиаԥҳа лыԥсҭазааратә мҩа иазкны

"Сзыхьӡаз ахәыҷы шьаҟас иаҵоу аҭаацәаратә насыԥ ауп ҳәа исыԥхьаӡоит. Исывагылоу сеилыркаауеит, ихадоу аҩноуп ҳәа сарҳәом. Сус ҳаҭыр ақәырҵоит сҭаацәа, урҭ ҳаҭыр анақәырҵо умҩагьы аатуеит. Схаҭа сыжәлар рахь абзиабара исымоу аус сныруеит. Санхәыҷыз аахыс амилаҭтә хақәиҭратә қәԥара салахәын: Лыхны, Мықә аизара дуқәа срылахәын, аҿар рыхьӡала сықәгылон, ҳажәлар ринтересқәа ҳахьчон. Ҳажәлар ргәы ашьҭыхра ауп акыр сахьӡозар сахьызагӡо", — ҳәа азгәалҭеит Бебиаԥҳа.

Аиҿцәажәара инарҭбаан шәазыӡырҩыр ҟалоит арадио Sputnik Аԥсны ишиашоу ицо аефир аҟны, асааҭ 18:00 рзы.

Ажәабжьқәа зегьы
0