Денис Пушилин официалла имаҵзура дахагылеит

© Sputnik / Валерий Мельников / Амедиаҵәахырҭахь аиасраДенис Пушилин официалла имаҵзура дахагылеит
Денис Пушилин официалла имаҵзура дахагылеит - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Донецктәи жәлар республика ахада иҭоубашьҭаҵара иалахәуп Аԥсны аԥыза-министр Валери Бганба зхадараҿы дыҟоу Аԥснытәи аделегациа.

АҞӘА, абҵара 20 – Sputnik. Денис Пушилин официалла имаҵзура дахагылеит ҳәа аанацҳауеит РИА Новости.

Аҭоубашьҭаҵара ацеремониа мҩаԥысуан Донецк ақалақь аопереи абалети ртеатр аҿы. Аҭоубашьҭаҵара ацеремониа иалахәын Урыстәыла, Аԥсны, Аахыҵ Уаԥстәыла, Лугансктәи жәлар республика рхаҭарнакцәа, иара убасгьы Франциа, Германиа, Финлиандиа, Даниа рҟынтәи ауаажәларратә усзуҩцәа.

Донецктәи жәлар республика ахада иҭоубашьҭаҵара иалахәуп Аԥсны аԥыза-министр Валери Бганба зхадараҿы дыҟоу Аԥснытәи аделегациа.

Донецктәии Лугансктәии жәлар рреспубликақәа рҿы амҽыша, абҵара 11 рзы ахадацәеи апарламентқәа рдепутатцәеи ралхра мҩаԥысуан.

Донецктәи жәлар рреспубликаҿы абыжьқәа абасеиԥш еихшахеит: Пушилин Денис Владимир-иԥа – 60,9%, Евстифеев Роман Николаи-иԥа – 7,8%, Медведев Владимир Анатоли-иԥа – 6,4%, Храменков Роман Александр-иԥа – 14,1%, Шишкина Елена Николаи-иԥҳа – 9,2%".

Киев арҭ алхрақәа азакәаншьаҭа рымам ҳәа иашьоит.

Ажәабжьқәа зегьы
0