Москва атеатртә ҟазаразы аԥхьахәқәа рырҭон

© Sputnik / Григорий Сысоев / Амедиаҵәахырҭахь аиасраМосква атеатртә ҟазаразы аԥхьахәқәа рырҭон
Москва атеатртә ҟазаразы аԥхьахәқәа рырҭон - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Станиславски иаԥхьахә аамҭакала атеатртә сезонқәа ҩба рзы ирырҭеит. Аноминациа "Достояние российского театра" аԥхьахә ианашьахеит атеатр "Ленком" асахьаркыратә напхгаҩы Марк Захаров.

АҞӘА, абҵара 20 – Sputnik. Станиславски ихьӡ зху жәларбжьаратәи аԥхьахә ранашьара ацеремониа мҩаԥысит Москва, абҵара 19 рзы. Аноминациа "Достояние российского театра" аԥхьахә ианашьахеит атеатр "Ленком" асахьаркыратә напхгаҩы Марк Захаров ҳәа аанацҳауеит РИА Новости.

Аноминациа "Достояние российского театра" сынтәа раԥхьаӡа акәны иранаршьон. Раԥхьатәи лауреатсгьы дҟалеит атеатр "Ленком" асахьаркыратә напхгаҩы Марк Захаров.

Станиславски иаԥхьахә аамҭакала атеатртә сезонқәа ҩба рзы ирырҭон: сынтәеи ҵыԥхи асезонқәа рзы. Иара ранашьахеит: Валери Гергиев, Алла Демидова, Лиа Ахеджакова, Александр Филиппенко, Марина Брусникина, Александр Титель, Егор Перегудов, британиатәи арежиссер Деклан Доннеллан.

Ауснагӡатә мҩаԥысит асасааирҭа "Балчуг Кемпински" аҿы.

Аԥхьахә занашьахаз Лиа Ахеджакова ацеремониаҿ дыҟамызт аха авидеоҳәамҭа аалышьҭит.

"Ари сара сзы раԥхьатәи театртә ԥхьахәуп. Актиор изанааҭ ихьыԥшу занааҭуп. Сара арезиссиорцәа дуқәа сықәын. Урҭ дреиуоуп ҩынтә аус зцызуз— Кирилл Серебренников", - лҳәоит Ахеджакова.

Британиатәи арежиссиор Доннеллан, изныкымкәа Урыстәыла аспектакльқәа ықәиргылахьеит. Иара аԥхьахә ианазшьаз иҭабуп ҳәа реиҳәеит, иагьазгәеиҭеит иара иаамҭа зегь раасҭа гәахәарыла иахьихиго Урыстәыла шакәу.

Станиславски ихьӡ зху аԥхьахә шьаҭаркын 1995 шықәса рзы. Иара ранаршьоит актиорцәа, арежиссерцәа, аиҿкааҩцәа, арҵаҩцәа. Сынтәа аԥхьахә анашьара аамҭа Станиславски диижьҭеи 150-шықәса аҵра иадҳәалоуп.

Ажәабжьқәа зегьы
0