Ацҳа ҟаԥшь аҟнытә автомашьына аӡы иалаҳаит

© Фото : МЧС АбхазииДПТ на Красном мосту в Сухуме
ДПТ на Красном мосту в Сухуме - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Амашәыр ҟалеит ҳәа АҶА аҷаԥшьаратә хәҭахьы аҭел иасит асааҭ 20:46 рзы ашәахьа, абҵара 19 рзы.

АҞӘА, абҵара 20 – Sputnik, Бадри Есиава. Ацҳа ҟаԥшь аҟны автомашьына аӡы иалаҳаит ҳәа АҶА аҷаԥшьаратә хәҭахьы аҭел иасит асааҭ 20:46 рзы ашәахьа, абҵара 19 рзы иҳәеит Sputnik акорреспондент дзыҿцәажәоз, Аԥсны АҶА аминистр ихаҭыԥуаҩ Саҭбеи Гындиа.

"Аҭел ишасызҵәҟьа аҭыԥ ахь ҳабригадақәа неиит. "01" ахь аҭел иасит асааҭ 20:46 рзы. Амашьына аԥсҟы зкыз аӡы далганы ахәышәтәырҭахь дҳашьҭит. Амашьына макьаназ аӡаҵа ишьҭоуп. Иҟалаз зыхҟьаз амзыз макьана ишьақәыргылам", — иҳәеит Гындиа.

Ареспубликатә хәышәтәырҭаҿы ишҳарҳәаз ала, амҩатә машәыр ашьҭахь ахәышәтәырҭахь инаргаз ахаҵа иԥсҭазаара шәарҭа амам. Иахәҭоу амедицинатә цхыраара иҭоуп.

Ашьҭахь ишеилкаахаз ала, амашьынарныҟәцаҩ ижәны дыҟан.

 

Ажәабжьқәа зегьы
0