Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Ҷкотуа: ауаҩы изакузаалак ихатәы бызшәала ианиаҳауа иаҳа ишьа- ида иалалоит

© Sputnik / Томас Тхайцукауаажәларратә усзуҩы, аиҭагаҩ Октаи Ҷкотуа
ауаажәларратә усзуҩы, аиҭагаҩ Октаи Ҷкотуа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсуа ихатәы бызшәала даԥхьартә еиԥш алшара имазароуп иарбанзаалакгьы ашәҟәқәа, аԥшьаҩыра еиԥш адунеи алитературатә классикагьы, азгәеиҭеит ауаажәларратә усзуҩы, аиҭагаҩ Октаи Ҷкотуа.
Ҷкотуа: ауаҩы изакузаалак ихатәы бызшәала ианиаҳауа иаҳа ишьа- ида иалалоит

"Ҳәарада, аныҳәақәа раан аџьаамаҿы аԥсышәала ицәажәо Аҟәырҟан рхы иадырхәар бзиоуп. Ауаҩы иарбанзаалак, изакузаалак, ихатәы бызшәала ианиаҳауа иаҳа ишьа- ида, игәы иалалоит, иаҳа идикылоит, ашәҟәы иазыԥшугьы иҟоуп. Аныҳәақәа раан, ауаҩы ишаҭаху Анцәа диҳәоит, иажәа дақәиҭуп. Адинхаҵарақәа зегьы рышьаҭа акоуп, Анцәа аӡә иоуп, зегьы зызку ауаҩы абзиарахь ихы архароуп. Сара адинқәа рыбжьара еилых збаӡом. Ҳбызшәала иҟазароуп Аҟәырҟан, егьырҭ иԥшьоу ашәҟәқәагьы, адунеи алитературатә классикагьы еиҭаганы иҟазароуп, изҭаху ҳхатәы бызшәала даԥхьартә еиԥш алшара имазарц. Уи ҳара ҳбызшәа арбеиоит, ҳдоуҳатә культура арбеиоит", — ҳәа азгәеиҭеит Ҷкотуа.

Аиҿцәажәара инарҭбаан шәазыӡырҩыр ҟалоит арадио Sputnik Аԥсны ишиашоу ицо аефир аҟны, асааҭ 18:00 рзы.

Ажәабжьқәа зегьы
0