Помпеи аилаԥыххаарақәа рҟны иуникалу аҭыӡсахьа рыԥшааит

CC BY 3.0 / Ministero per i beni e le attività culturali / Помпеи аилаԥыххаарақәа рҟны иуникалу аҭыӡсахьа рыԥшааит
Помпеи аилаԥыххаарақәа рҟны иуникалу аҭыӡсахьа рыԥшааит - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Бырзентәылатәи аҳәынҭқар иԥҳа лхаҿы зныԥшуа аӡшәыгатә (акварель-аред.) ҭыӡсахьа рыԥшааит Помпеи аҩнқәа руак аҭӡамц аҿы. Аҭыӡсахьа ҭыхын 2000 шықәса раԥхьа.

АҞӘА, абҵара 21– Sputnik. Аҵарауаа аԥҟа ахәда знапы акәыршаны изгәыдкыло Бырзентәылатәи аҳәынҭқар иԥҳа лхаҿы зныԥшуа аӡшәыгатә ҭыӡсахьа рыԥшааит Помпеи аҩнқәа руак аҭӡамц аҿы ҳәа аанацҳауеит РИА Новости Daily Mail адыррақәа ҵаҵӷәыс иганы.

Аҭыӡсахьа аԥшшәи аҷыдарақәеи еиқәханы иҟоуп.

Асахьа аҵакы азы азҵаара аҭак ҟаҵо аҵарауаа ирҳәеит аԥҟа – абырзен нцәахә Зевс иакәны иаарԥшуп ҳәа. Дара убасгьы ирҳәеит аҭыԥҳа – аҳәынҭқарԥҳа Леда лоуп ҳәа.

Помпеи археологиатә парк адиректор Массимо Осанна ишиҳәаз ала аҭыԥҳаи аԥсаатәи реимадара асахьа ажәытә қалақь аҿы инарҭбаау ахархәара шамаз.

Ажәабжьқәа зегьы
0