Дбар: аекологиа аинститут хылаԥшра рзыруеит Амшын Еиқәа иҭоу аԥсыӡ хкқәа зегьы
"Есышықәса, аинститут аҿы Амшын Еиқәа иҭоу аԥсыӡқәа зыкра ҟало, шаҟа акра азин ыҟоу ҳаԥхьаӡоит. Уи имариам усуп, аха аметодика ҭҵааны иҳамоуп. Уажәы аспирант дҳамоуп акамшьиа иазкны ҷыдала аҭҵаарақәа мҩаԥызго. Есышықәса аметодика иарбаны иҳаԥхьаӡоит, шаҟа акра азин ыҟоу, уи акамшьиа азы мацара акәӡам. Иԥхьаӡаны иҳашьҭуеит аекологиа аминисррахь, анаҩс дара адырра рымазаауеит аԥсыӡқәа рзы иҟоу аҭагалазаашьа атәы. Зегь реиҳа зхыԥхьаӡара рацәоу ҳәа иԥхьаӡоуп акамшьиа", — ҳәа азгәеиҭеит Дбар.
Аиҿцәажәара инарҭбаан шәазыӡырҩыр ҟалоит арадио Sputnik Аԥсны ишиашоу ицо аефир аҟны, асааҭ 18:00 рзы.