Рауль Ҳаџьымба Аԥсны жәлар Аконституциа Амш рыдиныҳәалеит

© Sputnik / Томас ТхайцукРауль Ҳаџьымба Аҧсны жәлар Аконституциа Амш рыдиныҳәалеит
Рауль Ҳаџьымба Аҧсны жәлар Аконституциа Амш рыдиныҳәалеит - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Абҵарамза 26, 1994 шықәса рзы Иреиҳаӡоу Асовет асессиаҿы ирыдкылан Аԥсны Аҳәынҭқараа Аконституциа. Жьҭаара 3, 1999 шықәса рзы Аԥсны Жәлар рыбжьыҭирала уи шьақәырӷәӷәан.

АҞӘА, абҵара 26 — Sputnik. Аконституциа Аԥсуа ҳәынҭқарра асуверентә, адемократиатә, азинтә ҟазшьа шьақәнарӷәӷәеит, аҳәынҭқарратәи ауаажәларратәи еиҿкаарақәа шьаҭас ироуит, ауаҩы изинқәеи ихақәиҭрақәеи рҵакы ҳаракны иҟанаҵеит, абас аҳәоит Рауль Ҳаџьымба иҟаиҵаз адныҳәалараҿы. Абри атәы аанацҳауеит атәыла ахада иофициалтә саит.

"Азакәан Хада злашьақәгылоу анормақәеи апринципқәеи ҳрықәныҟәо, ҳара аҧышәара дуқәа ҳархысит, иахьа жәларбжьаратәи азин иасубиектны иҟоу ихьыҧшым аҳәынҭқарра аргылара амҩа ҳануп. Аҳәынҭқарра атәылауаа рконституциатә зинқәеи рхақәиҭрақәеи шахьчо еиҧш, аконституциатә нормақәеи апринципқәеи рҭышәынтәалара шалнаршо еиҧш ауп, асоциалтә-економикатә ҿиареи ауаажәларратәи аҳәынҭқарратәи еиҿкаарақәа рыҿиара мацара акәымкәа, исуверентәу ҳәынҭқаррак аҳасабала Аҧсны аҧеиҧшгьы шыҟало", - азгәеиҭеит Атәыла Ахада.

Ҳаџьымба иажәақәа рыла, Аконституциа - ихадаратәу ароль нанагӡоит аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы: аконституциатәи аӡбаратәи реформала иаԥҵоу аконституциатә контроль аӡбаратә усбарҭа - Аԥсны Аҳәынҭқарра Аконституциатә ӡбарҭа профессиналла, системалатәи аусура.

Иара убас, адныҳәалараҿы иазгәаҭоуп, азакәан аҿаԥхьа аиҟарара, азин ԥыжәара аҭара, аӡбаратә ӡбамҭақәа рзакәанреи риашареи, амчхаратә усбарҭақәеи атәылауааи рыла урҭ неиҩымхрада рынагӡара, азинхдырра ҳаракы, иеижьагоу акәымкәа, иреалтәу аконституционализм – абарҭи егьырҭи азинтә ҳәынҭқарра аҷыдарақәа инеиԥынкыланы аҧсҭазаара иалаҳарҵәалароуп. Уаҳа даҽа мҩакы ыҟаӡам иеффективтәу аҳәынҭқарра ргылараҟны, аекономикеи асоциалтә ҟәшеи рырҿиаразы, атәылауаа рыԥсҭазаара аиӷьтәразы.

"Ҳауаажәлар зегьы ирыдысныҳәалоит иахьатәи аныҳәа ду - Аконституциа амш! Гәык-ԥсыкала ишәзеиӷьасшьоит аизҳазыӷьара, аҭышәынтәалара, аҭынчра!", - абас аҳәоит Рауль Ҳаџьымба иҟаиҵаз адныҳәалараҿы.

Ажәабжьқәа зегьы
0