АҞӘА, абҵара 26— Sputnik. Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра ақәыӡбоит Еиду Америкатә Штатқәеи уи адгылаҩцәеи Шьамтәыла имҩаԥырго агрессиа. Иҭахоит аҭынч уааԥсыра: аҳәса, ахәыҷқәа, абыргцәа ҳәа аҳәоит Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра аофициалтә саит адырраҭара.
Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрраҿ иазгәарҭеит ЕАШ ишымҩаԥгано иаҭахымкәа иҟоу аҳәынҭқаррақәа рсуверинитет аҳаҭыр ақәымҵара, уа инхо ауааԥсыра рыԥсҭазаарагьы хырыҩ азура.
"Азхьаԥшра аҳҭоит мраҭашәаратәи акоалициа арратә акциақәа шымҩаԥнаго Шьамтәыла аҵакыраҿы хаԥышәала, ООН Ашәарҭадаратә хеилак ақәшаҳаҭра амамкәа. Иарбанызаалак закәаншьаҭак амамкәа имҩаԥысуеит арратә операциақәа, ЕАШ-и уи адгылаҩцәеи Шьамтәылатәи Арабтә республика асуверинитети аҵакырадгьылтә акзаареи еиларгоит, хырыҩ азыруеит жәларбжьаратәи зин анормақәа. Жәларбжьаратәи акоалициа иҟанаҵо атерроризм иаҿагылан ақәԥароуп ҳәа узазҳәом, уи адагьы Шьамтәыла иҟоу аҭагылазаашьа уадаҩ иаҳагьы аибарххара анаҭоит", — ҳәа аҳәоит аминистрра аҳәамҭаҿы.
Аԥсны Аҳәынҭқарра адгылоит Шьамтәылатәи Арабтә республикаҿ закәаншьаҭала аус зуа атәыла анапхгара.