"Аушьҭымҭацәа иаку рымш" Аԥсны араионқәа зегьы рҟны имҩаԥгахоит

© Sputnik / Александр Кряжев / Амедиаҵәахырҭахь аиасраАҵаҩы. Архивтә фото
Аҵаҩы. Архивтә фото - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны иҟоу "Россотрудничество" ахаҭарнакра еиҿнакаауа акциа аҳәаақәа ирҭагӡаны урыстәылатәии аԥснытәии аҵараиурҭақәа иӡырыргоит ареспублика ашколқәа роушьҭымҭацәа рзы аҵаратә программа.

АҞӘА, абҵара 27 – Sputnik. Абҵара 27 — 30 рзы Аԥсны иҟоу "Россотрудничество" ахаҭарнакра еиҿнакаауеит акциа "Аушьҭымҭацәа рымш". Акциа мҩаԥгахоит Аԥсны араионқәа зегьы рҟны ҳәа радио Sputnik иазеиҭеиҳәеит ахаҭарнакра аконсультант Дмитри Кононов.

Иара мҩаԥгахоит урыстәылатәи аҵараиурҭақәа рҭаларазы алкааратә уснагӡатә аҳәаақәа ирҭагӡаны. Иахықәку: аушьҭымҭацәа Россотрудничество ирыднагало алшарақәеи апрограммақәеи дырдырроуп. Апрограмма иалахәхоит Санкт-Петербургтәи аҳәынҭқарратә университет, атехнологиатә университет "МИСиС", аладатәи Афедералтә университет, Челиабинсктәи аҳәынҭқарратә университет рхаҭарнакцәа.

Архивное фото записи - Sputnik Аҧсны
Какоба: аԥсуа бызшәа ззымдыруа алимит иҭаны аҵара ишьҭра ҳақәшаҳаҭым

"Иара убасгьы ауснагӡатә иалахәхоит ААУ аекономикатәии азиндырратәии факультетқәа рдеканцәа. ААУ ахаҭарнакцәа еиҭарҳәоит иахьазы абри аҵараиурҭаҿы аус зуа апрограммақәеи ахырхарҭақәеи ртәы. Урыстәылатәи аҵараиурҭақәа ракәзар рааԥхьара иахықәкы хадоу ААУ аҟны иҟам аҵаратә программақәа рымазаароуп. Ҳабитуриентцәа ирҭаху алырхыртә аҭагылазаашьа рзаԥҵатәуп", — иҳәеит Кононов.

Россотрудничество аконсультант иажәақәа рыла, абитуриентцәа ирзеиҭарҳәоит адокументқәа шаздырхиаша, анкетақәа шхадырҭәааша.

"Аушьҭымҭацәа иаку рымш" Аԥсны ҩынтәуп имҩаԥгахоижьҭеи. 2017 шықәса рзы акциа рҽаладырхәит 800-ҩык рҟынӡа ашколхәыҷқәа.

"Абитуриентцәа аԥснытәии урыстәылатәии аҵаратә усҳәарҭақәа ирырҭар зылшо алшарақәа ҭырҵаауеит. Уи адагьы аҵаратә усҳәарҭақәа рхаҭарнакцәа рҟынтәи аинформациатә материалқәеи аброшиурақәеи роуеит", — ҳәа азгәеиҭоит Кононов.

"Аушьҭымҭа имш" мҩаԥысуеит: абҵара 27 рзы Гагреи Гәдоуҭеи араионқәа рҿы;

Абҵара 28 рзы Гәылрыԥшьи Аҟәеи араионқәа рҿы;

Абҵара 29 рзы Тҟәарчали Очамчыреи араионқәа рҿы;

Абҵара 30 рзы Гал араион аҿы.

Ажәабжьқәа зегьы
0