Ҳаџьымба: Урыстәыла миллиардбжак Аԥсны абанктә система аҿиара иазоунажьуеит

© Sputnik / Владимир Трефилов / Амедиаҵәахырҭахь аиасраДенежные купюры и монеты России
Денежные купюры и монеты России - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны ахада Рауль Ҳаџьымбеи Урыстәыла ахада Владимир Путини еиԥылеит абҵара 21 рзы.

АҞӘА, абҵара 27– Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Урыстәыла миллиардбжак Аԥсны абанктә система аҿаиара иазоунажьуеит иҳәеит Аԥсны ахада Рауль Ҳаџьымба аиԥылара иазкны имҩаԥигаз абрифинг аҟны.

"Ҳара ҳалацәажәеит абанктә система аҿиара иазку атема. Иаартны иаҳҳәеит иҟоу ауадаҩрақәа ртәы. Ҳаар ацхыраара ҳарҭоит абанктә система ҭышәынтәаланы иҟаларц азы. Уи кредитм, цхыраароуп", — иҳәеит иара.

Аԥсны ахадеи Урыстәыла ахадеи аиԥылара рыман абҵара 21 рзы. Аиԥылараан Рауль Ҳаџьымба иазгәеиҭеит аизыҟазаашьақәа астратегиатә, апартниортә ҟазшьа рыманы ишыҟоу.

Урыстәыла ахада иакәзар, иҳәеит агәахәара шинаҭо аԥснытәи иколлега иԥылара, иазгәеиҭеит Аԥсны ахада иахәҭоуп ҳәа ииԥхьаӡо азҵаарақәа рылацәажәара дшазыхиоу.

Аҳәынҭқаррақәа рыҩба рыбжьара, 2008 шықәсазы Урыстәылатәи Афедерациа Аԥсны Аҳәынҭқарра ахьыԥшымреи ахақәиҭреи аназханаҵа ашьҭахь, 100 инареиҳаны еиқәышаҳаҭра рнапы рыҵарыҩхьеит.

Ажәабжьқәа зегьы
0