00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
08:30
31 мин
Ажәабжьқәа 13:00
13:01
2 мин
Ажәабжьқәа 13:30
13:31
2 мин
13:59
1 мин
Новости 14.00
14:01
3 мин
Новости 14.30
14:30
3 мин
Инструкция по применению
14:57
2 мин
Ажәабжьқәа
18:01
3 мин
Ҳара ҳжәар
18:28
2 мин
Новости
18:31
3 мин
Ажәабжьқәа
21:01
3 мин
Ҳара ҳжәар
21:28
2 мин
Новости
21:31
3 мин
On air
08:00
30 мин
On air
08:30
31 мин
Ажәабжьқәа 13:00
Ихадоу атемақәа
13:06
10 мин
Ажәабжьқәа 13:30
Ихадоу атемақәа
13:32
10 мин
Иактуалтәу ахҳәаа
Аԥсуа сахьаҭыхыҩцәа Ҟрым арт-кластер "Таврида" иҟоу амҿтәы ҩны дырԥшӡеит
13:48
8 мин
Новости 14.00
Главные темы
14:07
10 мин
Новости 14.30
Главные темы
14:33
10 мин
Ажәабжьқәа
Ихадоу атемақәа
18:06
10 мин
Новости
Главные темы
18:37
12 мин
ИацыИахьа
Аефир азы
ақ. Гагра101.3
ақ. Гагра101.3
ақ. Аҟәа103.2
ақ. Гәдоуҭа105.9
ақ. Очамчыра100.7
ақ. Тҟәарчал102.5
ақ. Пицунда101.7

Гоԥиаԥҳа: "Иҭабуп Аиааиразы" 10 ҭаацәарак рҟынӡа рыцхраара алшоит

© SputnikКамма Гопия
Камма Гопия  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Агәыҳалалратә акциа "Иҭабуп Аиааиразы" иазкну афонд "Кьараз" апресс-конференциа мҩаԥысит Sputnik апресс-центр аҿы абҵара 30 рзы.

АҞӘА, абҵара 30 – Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Ауаажәларратә гәыҳалалратә еиҿкаара "Кьараз" акциа "Иҭабуп Аиааиразы" фымз рыҩныҵҟала еизнагеит миллион мааҭ аԥара, лҳәеит акциа анапхгаҩы Ҭамила Соломко Sputnik апресс-конференциаҿы.

Акция благодарности ветеранам: Итабуп Аиааиразы - Sputnik Аҧсны
Акциа "Иҭабуп Аиааиразы" Аԥсны ихацыркхеит

Афонд анапхгаҩы Камма Гоԥиаԥҳа лажәақәа рыла акциа иахықәкы хаданы иҟан Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра аветеранцәа рҭаацәарақәа ацхыраара рыҭара.

"Акциа ахархәарала ҳара иара убасгьы иаҳҭахын аветеранцәа рпроблема ауаажәларра разхьарԥшра. Дара реиҳараҩык иахьа ргәабзиаратә ҭагылазаашьала аусура рылшом. Аҭаацәарақәагьы ахшара рацәа змоу роуп. Урҭ иахәҭоу азхьаԥшра рыманы иҟам", - лҳәеит афонд адиректор.

Фымз рыҩныҵҟа аиҿкааҩцәа имҩаԥыргеит хыԥхьаӡара рацәала ауснагӡатәқәа. Акциа рҽаладырхәит 200 рҟынӡа наплакы.

"Мшаԥымзазы акинофильм ахәаԥшра еиҿаҳкааит – еизаҳгеит 35 000 мааҭ; лаҵарамзазы Аԥсуа драматә театр аҿы идырбан аспектакль – еизаҳгеит 200 000 мааҭ, иара убасгьы асасааирҭақәа рыбжьара амарафон еиҿкаан. Иҳауз аԥарақәа рыхәҭак аветеранцәа рыцхраара иазырхан", - ҳәа еиҭалҳәоит Соломко.

Аԥарақәа рзырхоуп аҭаацәарақәа 10 рынхашьа аҭагылазаашьа аиӷьтәразы, атехника аахәаразы, аремонт аҟаҵаразы. Гоԥиаԥҳа лажәаәқа рыла ҭаацәа-цыԥхьаӡа 100-100 нызқьмааҭ рызшахоит.

Ажәабжьқәа зегьы
0