ШьАР аиҳабыреи Аԥсны аиҳабыреи реицеилак аԥҵара шьақәнарӷәӷәеит

© Foto / Пресс-служба Президента Республики АбхазияФлаги Сирии и Абхазии
Флаги Сирии и Абхазии - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Аҳәынҭқарреи Шьамтәылатәи Арабтә республикеи аҳәамҭа ҟарҵеит наҟ-ааҟ ишеизхеибаҵои адипломатиатә еизыҟазаашьақәа шрыбжьарҵоит 2018 шықәса лаҵарамза 29 рзы.

АҞӘА, абҵара 30 – Sputnik, Бадри Есиава. Аԥсны Аҳәынҭқарреи Шьамтәылатәи Арабтә республикеи аекономикатәи, ахәаахәҭратәи, аҭҵаарадырратәи, атехникатәи, акультуратәи усеицуразы аилак аицаԥҵаразы ақәҵара шьақәнарӷәӷәеит Аминистрцәа реилазаара.

Митинг в министерстве по репатриации по вопросу признания независимости Абхазии Сирией - Sputnik Аҧсны
Рауль Ҳаџьымба: Шьамтәыла Аԥсны азхаҵарала агәаӷьра ду аанарԥшит

"Ҳаҭыр зқәу сколлегацәа. Шәара зегьы еицыжәдыруеит Аԥснытәи аделегациа Шьамтәыла рыҟазаараан аиқәшаҳаҭрақәа анапы шрыҵарҩыз. Аԥсны Аҳәынҭқарреи Шьамтәылатәи Арабтә республикеи аекономикатәи, ахәаахәҭратәи, аҭҵаарадырратәи, атехникатәи, акультуратәи усеицуразы аилак аицаԥҵаразы аиқәшаҳаҭра иазыԥхьагәанаҭоит аусутә гәыԥқәа Аԥснеиԥш Шьамтәылагь раԥҵара, еиуеиԥшым ахырхарҭақәа рыла", - иҳәеит ақәҵара аминистрцәа ирыдгало Адәныҟатәи аусқәа рминистр Даур Ақаҩба.

Аԥсны Аҳәынҭқарреи Шьамтәылатәи Арабтә республикеи аҳәамҭа ҟарҵеит наҟ-ааҟ ишеизхеибаҵои адипломатиатә еизыҟазаашьақәа шрыбжьарҵоит 2018 шықәса лаҵарамза 29 рзы.

Шьамтәылатәи Арабтә республика апарламент аиҩызареи аусеицуреи рзы Аиқәшаҳаҭра аратификациа азнауит 2018 шықәса жьҭаара 11 рзы.

Ажәабжьқәа зегьы
0