Атәылауаҩи аиҳабыреи: Џьинџьиа аԥсабара аԥхасҭа азҭо ахәаҷа-маҷақәа рсиа иазкны
"Аминистрцәа реилазаараҿы ишьақәырӷәӷәаз асиаҿы ирацәоуп аҵиаақәа аԥхасҭа рызҭо ахәаҷа-маҷақәа рыхкқәа. Урҭ рхыԥхьаӡара 60 иреиҳауп. Урҭ рахьынтә иҟоуп Аԥсны макьана ицәырымҵыц, аха ианакәзаалакгьы иҿиар зылшо. Убри аҟнытә ҳазыхиазар ауп ҳәа сыԥхьаӡоит. Араионқәа рҿы аус зуа ҳаинспекторцәа убри асиала агәаҭарақәа мҩаԥыргоит, дара русурагьы ҳарӷәӷәеит. Ҳгәаҳҽанызароуп ҳәа сгәы иаанагоит ", — ҳәа азгәеиҭеит Џьынџьиа.