Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Ҟаитан: Самырзаҟан иҟоу абаҟақәа зегь еилаҳқаар, рыхьчара иаҳа иаҳзымариахон

© Sputnik Шандор Кайтан
Шандор Кайтан - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсуаҭҵааратә институт археологиа аҟәша аусзуҩ Шандор Ҟаитан арадио Sputnik аҟны иҳәеит Гал араион иҟоу абаҟақәа ишахәҭоу иҭҵаазар, рыхьчра иаҳа имариахон ҳәа агәаанагара шимоу.
"Хра злоу ахҭысқәа": Ҟаитан Самырзаҟан иҟоу абаҟақәа ирызкны

"Ахсаала ианаҳҵеит, ус қәыԥшыларала игәаҳҭеит, аха археологиа аганахьала Самырзаҟан иҟоу абаҟақәа рҟны аҭҵаарақәа, ажрақәа мҩаԥгатәуп. Асовет аамҭазы ҳара ҳҭоурыхҭҵааҩцәеи ақырҭуа ҵарауааи иҟарҵаз аус рацәан, аха  усҟантәи рыхьӡи иахьеи еиқәшәаӡом. Иҟоуп зқьышықәса иреиҳаны изхыҵуа археологиатә обиектқәа, уаҟа инхоз иҳарҳәеит ажрақәа ахьымҩаԥыргахьаз, ус иаҳдырбеит ахсаала ианаҳҵартә. Аха зынӡа иарку археологиатә баҟақәа анаҳамҵаӡеит. Иҟоуп археологцәа еиқәаҵәақәа, азин змамкәа ажрақәа мҩаԥызго. Абаҟақәа зегьы рзы адыррақәа ҳаур, иаҳа рыхьчара мариахон ҳәа сгәы иаанагоит. Аԥсны инхо зегьы иҳаздырӡом Гал араион аҟны иҟоу аҭыԥ ԥшӡарақәа, аекотуризм аҿиаразы иманшәалоуп ҳәа агәаанагара ҳауит  аекспедициа иалахәыз аҿарацәа", — иҳәеит Ҟаитан.

"Гал араион аҭыԥ ԥшӡарақәеи  абаҟақәеи рыхсаала" ҳәа аҭҵаарадырратә проект  Аҟәа иӡырган абҵара 29 рзы. Хымз ирылагӡаны гәыԥҩык аҿарацәа Самырзаҟан архитектуратәи аҭоурыхтәи баҟақәа ҭырҵаауан, урҭ рыхсаала аԥҵара хықәкыс иҟаҵаны. Ари аамҭа иалагӡаны ахсаалаҟны иадырбеит архитектуратә баҟақәа 20 иара убас  ақалақьи ақыҭақәеи рҟны иҟоу амонументқәа 10.

Аиҿцәажәара шәаҳар шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.

Ажәабжьқәа зегьы
0