Евроеидгыла аҳауаз Парижтәи аиқәшаҳаҭра аплан адкылара иазыхиоуп

© Sputnik / Алексей Витвицкий / Амедиаҵәахырҭахь аиасраЗдание Европейского парламента в Страсбурге.
Здание Европейского парламента в Страсбурге. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Евроеидгыла ааԥхьара ҟанаҵеит аҳауаз Парижтәи аиқәшаҳаҭра аплан адкылара ырласызарц.

АҞӘА, ԥхынҷкәын 3– Sputnik. Евроеидгыла ааԥхьара ҟанаҵеит аҳауаз Парижтәи аиқәшаҳаҭра аплан адкылара ырласызарц иҳәеит Евроеидгылаҿ хантәаҩра зуа Австриа аделегациа ахаҭарнак Хельмут Хоецки ООН аилатәара иазкыз апресс-конференциаҿ. Апресс-конференциа мҩҩаԥысуан польшатәи Катовиц аҿы. Абри атәы аанацҳаит РИА Новости.

"Ҳара аиқәшаҳаҭра анагӡара ҳалагароуп. Апрактикатә ҟазшьа аҭара хымԥадатәиуп", - иҳәеит Хоецки.

Хоецки иазгәеиҭеит Парижтәи аиқәшаҳаҭра анагӡара атәылақәа рполитикатә ҭахра иақәшәар шакәу.

"Ҳара атехникатә зҵаара рацәа ҳаӡбароуп", - иҳәеит иара.

Аҳауаз Парижтәи аиқәшаҳаҭра раԥхьатәи асеиԥш иҟоу еиқәшәаҳаҭроуп. Рнапы аҵарҩит 194 тәыла 2015 шықәса ԥхынҷкәынмзазы.

Амҽыша, ԥхынҷкәын 2 рзы Катовиц (Польша) аусура иалагеит аҳауа аԥсахразы ООН 24-тәи аконференциа.

Аконференциа алахәылацәа алацәажәоит аиқәшаҳаҭра аԥҟарақәа рынагӡашьақәа.

 

Ажәабжьқәа зегьы
0