Аҟәатәи абаӷәаза алаинер "Князь Владимир" амаршрут иаҵанакыр ҟалоит

© Sputnik / Нина Зотина / Амедиаҵәахырҭахь аиасраКруизный лайнер "Князь Владимир" в порту города Сочи
Круизный лайнер Князь Владимир в порту города Сочи - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны иааны иҟоуп Аҟәатәи амшынтә баӷәаза алшарақәа рыҭҵааразы аделегациа. Уи алкаақәа рышьҭахь алаинер "Князь Владимир" амаршрут иаҵанакыр ҟалоит Аҟәатәи абаӷәазагьы.

АҞӘА, ԥхынҷкәын 6 — Sputnik. Урыстәылантәи Аԥсны иааны иҟоуп Аҟәатәи амшынтә баӷәаза алшарақәа ҭызҵаауа аделегациа. Уи алкаақәа рышьҭахь Аҟәатәи абаӷәаза алаинер "Князь Владимир" амаршрут иаҵанакыр ҟалоит ҳәа аанацҳауеит Аԥсны аекономика аминистрра аофициалтә саит.

Уаанӡа, жьҭаара 6 рзы Шәача, алаинер "Князь Владимир" аҟны имҩаԥысит Аԥсны аделегациеи Шәача ақалақь ахадара рхаҭарнакцәеи, АО "МОРПОРТ СОЧИ" аилахәыра "Черноморские круизы" рхаҭарнакцәеи реиԥылара.

Аилахәыра "Черноморские круизы" адиректор Виктор Глуховщенко иазгәеиҭеит аҟазауаа ишҭырҵаауа алаинер "Князь Владимир" Аҟәа амшынтә баӷәазаҿтәи ановигациа.

Аԥсны аекономика аминистр Адгәыр Арӡынба далацәажәеит ари азҵаара егьырҭ инарываргыланы абҵара 21 рзы Аԥсныи Урыстәылеи рхадацәа реиԥылараан ишалацәажәаз.

"Аплан ыҟоуп. Апроектқәа аус рыдулоуп. Аԥаразоужьратә хыҵхырҭақәа ԥшаауп. Иахәҭаны иҟоу адокументқәа напы анрыҵаҩхалак ашьҭахь еиҭах аусура амҩаԥгаразы аамҭа аҭаххоит", — иҳәеит аминистр.

Арӡынба игәаанагарала Аԥсныи Урыстәыла амшынԥшаҳәатә қалақьқәеи реимадара арҭбаара аҭахны иҟоуп. Уи арегион ахь иаауа атуристцәа рзы еиҳа аманшәалара ауан, иаднаԥхьалон.

"Князь Владимир" — араԥаӷәрақәа жәба змоу ӷбоуп, апассаџьыртә ныҟәара иазырхоуп. Иныҟәоит абри амаршрут ала: Шәача — Новороссиск — Иалта — Севастополь – Шәача.

Ажәабжьқәа зегьы
0