АҞӘА, ԥхынҷкәын 6 — Sputnik. Украина аԥыза-министр Владимир Гроисман ҭыԥқәак рҟны заанаҵы аҭагылазаашаь ҷыда аԥыххар ҟалоит ҳәа шиҳәаз атәы азгәанаҭеит РИА Новости.
"Ашәарҭара ыҟан иҳамбар, аҭагылазаашьа ҷыда аҿҳәара ацҵарагьы аҭахны иҟалом. Уи адагьы аҭагылазаашьа ҭышәынтәалахар ҭыԥқәак рҿы аҭагылазаашьа ҷыда аҿҳәара аркьаҿрагьы алыршахар ҟалоит", — иҳәеит иара Киев, арегионалтә АИХқәа рԥылараан.
Уаанӡа "Иреиҳаӡоу рада" атәыла ахада Пиотр Порошенко Украина ахәҭақәак рҟны аҭагылазаашьа ҷыдазы иусԥҟа иақәшаҳаҭхеит. Порошенко аусԥҟа инапы аҵеиҩит Керчтәи аӡыбжьахалаҿ аҭыԥ змаз ахҭыс ашьҭахь.
Арадаҿ ирыдыркылаз аӡбара арратә режим алагалара адагьы иалнаршон иахәҭаны ирыԥхьаӡар ар реидкыларатә уснагӡатәқәа рымҩаԥгарагьы. Адокумент амчра аиуит абҵара 29 инаркны.
"Украина ахада Иусԥҟа № 393 (абҵара 26 2018 шықәса) "Украина арратә ҭагылазаашьа ҷыда алагалараз" инақәыршәан арратә ҭагылазаашьа алагалан: Винницктәи, Лугансктәи, Николаевсктәи, Одессатәи, Сумтәи, Харьковтәи, Черниговтәи, иара убасгьы Донецктәи, Запорожиатәи, Херсонтәи аобластқәа рҟны.
Уаанӡа Украина арратә флот аӷбақәа "Бердянск", "Никополь", "Яна Капу" Амшын еиқәа аҟынтәи керчтәи аӡыбжьахалахь рнеираан Урыстәыла аҳәынҭқарратә ҳәаа еиларгеит. Аӷбақәеи аекипажи аанкылан. Урыстәыла ахада уи провокациатә ҟазшьоуп иамоу ҳәа аҳәамҭа ҟаиҵеит.