Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Шәқьериаԥҳа: агәаанагара сызцәырҵуеит - ҳбызшәа ахәыҷқәа цәымӷас идҳаркыр ҳҭахушәа

© Sputnik / Томас ТхайцукМайя Скверия
Майя Скверия - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аҟәатәи ахԥатәи абжьаратә школ арҵаҩы Маиа Шәқьериаԥҳа адырраҭара "Коӷониаԥҳа лымҩаду" аҟны далацәажәеит иаԥсыуам ашкол аҟны аԥсуа бызшәа дырҵара аҭагылазаашьа.
"Коӷониаԥҳа лымҩаду": Шәқьериаԥҳа аԥсуа бызшәа арҵара атәы

"Аибашьра ашьҭахь ҳара иҳамаӡамызт аурыс школ иақәнагахартә еиԥш арҵага шәҟәы. Ишьақәыргыламызт апрограмма аклассқәа рзы. Убри аҟынтә аурыс школқәа рырҵаҩцәа даара аџьабаа рбеит. Анаҩс дҳахьӡеит Альдона Ажьиԥҳа (аԥсуа бызшәа арҵара аметодика  аус адызуло афилологиатә ҭҵаарадыррақәа рдоктор, апрофессор, -аред.), ашәҟәқәа ҭыҵит. Маҷ- маҷ ҳаҩаӡара ҳаракуа ҳааиуеит абызшәа дырҵара аганахьала, аха аԥсҭазаара ԥхьаҟа ицоит, ахәыҷқәа рызнагараҟны иҵегьы аԥсахрақәа ҟалароуп. Ҳарҵага шәҟәқәа реиҭарҽеира аҭахуп. Аԥышәарақәа рыҭиира иаларгалаз уи бзиоуп, ихымԥадатәиуп, аха ахәыҷқәа аԥышәараҟны инаҳгарц азы ҳапрограмма аиҭахәаԥшра аҭахуп. Уи иаанагаӡом иҳамоу ҵәаӷәатәуп ҳәа. Аха аԥсҭазаара ԥхьаҟа ицоит, абызшәагьы ҿиароуп. Зны-зынла агәаанагара сызцәырҵуеит ҳбызшәа цәымӷас идҳаркыр ҳҭахушәа ахәыҷқәа, ҳрықәымчуеит, арахь ҳапрограммеи ҳареи ҳҭагылазаашьа гәаҭатәуп, аиҭахәаԥшра аҭахуп, - лхәеит Шәқьериаԥҳа.

Инеиҵыху аицәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.

 

Ажәабжьқәа зегьы
0