Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Кәарцхьиаԥҳа Гәылрыԥшьаа рбаҳчақәа рзы: Африка атәылауаа џьанаҭ ҭыԥны ирбеит

© Sputnik / Томас ТхайцукСария Кварацхелия
Сария Кварацхелия - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Гәылрыԥшь ацитрустә наплакы "Софиа" аҟны шәырқәа реингалара шцо, сынтәатәи аҽаҩра зеиԥшроу атәы арадио Sputnik аҟны еиҭалҳәеит аҭыԥаҟны амандарина аҿыхра зыхәҭаа маҷ алазгалаз ажурналист Сариа Кәарцхьиаԥҳа.

"Ацитрус шәырқәа рҽаҩра бзиоуп сынтәа. Гәылрыԥшь араион аҟны амандарина ахаҭабзиарагьы ҳаракуп. Уи ус шакәу амандарина агьамеи аԥшреи рыла иубоит. Сынтәа аҳәынҭқаррагьы анхацәа ацхыраара рнаҭеит амармалташьтә пты аҟынтәи ахәшәтәрақәа рымҩаԥгаразы", — лҳәеит Кәарцхьиаԥҳа.

Кәарцхьиаԥҳа Гәылрыԥшьаа рбаҳчақәа рзы: Африка атәылауаа џьанаҭ ҭыԥны ирбеит

Гәылрыԥшь ацитрустә нхамҩақәа рҟны аҽаҩра еинызгало рхыԥхьаӡараҟны иҟоуп аҭыԥантәи ауаа реиԥш, анҭыҵынтә аԥара араҳара иаазгьы, урҭ рхыԥхьаӡараҿы Африка атәылауаагьы ыҟоуп.

"Урыстәыла аҵара зҵо Африкатәи атәылауаа рвиза аҽҳәара анынҵәо иааигәоу аҳәынҭқарра аҳәаа иахысуеит, ус ала иаҳа ирмарианы авиза азҵаара рыӡбоит. Аԥсныҟа ианаа еилыркааит амандарина аҿыхра шцо, рыԥсшьарамшқәа ирылагӡаны ԥаракгьы дырҳарц рыӡбеит. Ас амандарина рацәаны ирымбацызт, амандаринатә џьанаҭ ҭыԥуп ҳәа  даара ишанханы иҟоуп", — лҳәеит Кәарцхьиаԥҳа.

Ажәабжьқәа зегьы
0